Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҳажәлар аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршагәышьеит, нырцәи-аарцәи ҳрыбжьанхоит. Аԥсны инхо ҳауаажәлар акыр шырхыргахьо еиԥш, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаагьы ирхыргахьо рацәоуп. Ҳаӷоу идгьыл даҟәыгоуп. Саԥсыуоуп ҳәа ихәыцуа, уаҵәтәи амш хьаас измоу зегьы, мшын-нырцә иҟоу ҳашьцәа рлахьынҵа игәаҵанӡа имнеирц залшом.
Ҳмыццакыкәа ҳҿаԥхьа иқәгылоу зегь ҳаӡбароуп. Ҭырқәтәыла сцахьеит ҳауаажәлар ахьынхо, уи нахыс схәыцрақәагьы рҽеиҭаркит. Ҳауаажәлар шынхо-ишынҵуа анубалак, уазааиуеит иццакны иуӡбаша ак шакәым ари аус. Ҳара даара иаҳҭахуп ҳауаажәлар Аԥсныҟа иаарц, инхарц, рыԥсҭазаара ара ишьақәдыргыларц.
Аха, ҳара ишаҳҭахыҵәҟьо иаразнакны иалҵӡом. Дареи ҳареи ҳаибабара аибашьра ашьҭахь аԥсы ҭалеит акәымзар, уаанӡа еиҳа ҳҽырҭынчшәа ҳаҟан, аамҭеи аҭагылаазаашьеи иҳарҭомызт. Ҳанеибаба, ҳаиҭанаиааира ианацла, еиҳа ҳгәы ҭынчхеит. Зегьыҵәҟьа арахь ихҵәаны ишзымаауа ҳдырроуп.
Абыргцәа ыҟоуп, иаагылазар уа инхо, зџьабаа ыҟоу. Аҿар ҳара ираҳамҳәаӡаргьы, зыԥсадгьыл ахь иаарц, инхарц зҭаху ыҟоуп, егьмаҷҩым. Ҳџьынџьуаа ирызкны уцәажәарц азыҳәан, дара ахьынхо ақыҭақәа рҿы умнеикәа, ишынхо-ишынҵуа умбакәа, урмыҿцәажәакәа, ухәыцра нагӡаны иузаарԥшуам.
Сара алшара сыман Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭақәа рҿы инхо ҳашьцәа рҭаара. Аиаша шәасҳәап, сара абри азҵаара сшахәаԥшуаз, насгьы исымаз агәаанагара акыр аҽшаԥсахыз. Избанзар, адгьыл иқәынхо ауаа, шаҟа ԥсадгьылра рызнауа иҟалаз убра избеит. Ҭырқәтәыла даара аҽаԥсаххьеит, ирласны иҿио тәылоуп, ҳауаажәлар атәым милаҭ иахьа уажәраанӡа ирыламӡит, ари нахысгьы хымԥада акыр ҳрықәгәыӷуеит, ирылшаша рацәоуп, рыԥсадгьыл аҿы ҳарзыԥшуп.
Ҳарҭ аразҟы змоу жәларуп. Шәазхәыци, иҟамзи нас аамҭак ҳзеибамбо, ҳагәхьааибаго ҳаныҟаз, агәаҟра бааԥс ҳанҭагылаз. Уажәы урҭқәа зегьы аҽарҽеира амҩа иқәуп. Кавказ ажәлар бзиақәа даара иҟоуп, ижәдыруеит, рхақәиҭразы еснагь иқәԥоит. Ахақәиҭра нагӡаны агара, аҳәынҭқарра аҟаҵарагьы, ашьақәыргыларагьы ҳара иҳалшоит. Ҳәара аҭахым, Аԥсны инхо аԥсуаа ҳзы мацара уи гьама амам. Ҳаԥсадгьыл зегьы иаҳзеиланы иҟалароуп.
Жьи наԥхыци шзеилымҵуа еиԥш, ҳара шьал-дала, гәыла-ԥсыла еиларсу жәларуп. Ҳаимадара иҵегьы аҽарӷәӷәароуп, ҳцара-аара еиҳагьы ирацәахароуп. Ишнеинеиуа ҳара ишаҳҭахәу иҟалар, аус амҩақәҵара иҵегьы имариахоит. Ҳашьцәеи ҳареи иарбан усзаалак аҟны аицхыраара ҳабжьазароуп.
Ҭырқәтәыла даара акыр ирацәаҩны иалаԥсоуп аԥсуаа. Уа шаҟа рҽеидкыланы иҟоу аҟара, ҳаргьы ара еиҳа ҳаӷәӷәахоит, амч ҳауеит. Даара згәы еицҳауа аԥсуаа ҳамоуп аҳәаанырцә. Рхы-рыԥсы иагырха хәарҭара злоу аусқәа ирҿу. Агәра ганы сыҟоуп адгьыл агәалашәара шамоу.
Рабацәа, рабдуцәа инрыжьыз адгьыл хьаауеит егьа аамҭа царгьы,ирзыԥшуп. Ҳарҭ даара иаҳҭахәуп ҳауаажәлар Аԥсны инхарц. Ҳара аҭагылазаашьа уадаҩ анҳамаз, аиҭанаиааира анҳамамызгьы, ҳашьцәеи ҳареи аигәныҩра ҳабжьан.
Аԥсны, Ас ду анау, усҟан хметрак асы леит, аԥсуаа ахеиқәырхара рылшеит ирыулак. Убасҟан, Ҭырқәтәылантә аԥсуаа Аԥсны иаҭааит. Анаџьалбеит, ҳаԥсадгьыл иадҳәалаз аԥхыӡ бааԥс аабеит, иакәым ҟалеит ҳәа. Ҳара аҭоурых ду змоу жәларуп.
Аҳәынҭқарра ӷәӷәа, аҳәынҭқарра ԥшӡа ҳамазароуп. Ҳшаԥсацәоу ҳанхароуп, ҳажәлар ҳахьчароуп, ҳбызшәа ҳахьчароуп, ҳкультура ҳахьчароуп. Адунеи ҳадыруа ҳҟалар, ҳара ҳзы даара ибӷоуп, ҳаԥхьаҟа игылоу аҿар рзгьы даара ибӷоуп.
Убри азы ажәлар ыҟазароуп. Харантә еиҳа иубо рацәоуп, ааигәантә аасҭа. Зегьы ҳааидгыланы, ҳахшыҩ ааилаҵаны ҳгәы иҵхо азҵаарақәа ҳанрызнеи, агәра ганы сыҟоуп гәыӷрас иҳамоу зегьы убра инаӡоит ҳәа.