Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Оҭар Ҵәыџьба излазгәеиҭаз ала, аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны иахьа аԥсуа жәлар ҩыџьара ҳаиҟәшаны ҳаҟоуп.
"Сара хаҭала сцахьеит Ҭырқәтәыла ҳдиаспора ахьынхо. Сыблала избеит урҭ ирыԥсҭазаашьоу, ишынхо-ишынҵуа. Аиаша шәасҳәап, сылаӷырӡқәа ааит, сгәы ирыцҳанашьеит атәым дгьыл аҿы иаԥсацәаны иахьынхо. Сара уахь сцара алыршахеит амҳаџьырқәа ргәаларшәара амш аҳаҭыр азы. Амшын еиқәа иахьхыҵыз, реиҳараҩык ԥсышьацәгьа ахьроуз Қьефқьен аҭыԥ аҿы ҳдиаспора еизаны иргәаладыршәеит, ацәашьқәа рзадыркит иҭахаз ҳауаажәлар. Уи аҭыԥ унахәаԥшыр, угәы ӷәӷәамзар иааузымычҳаратәы иҟоуп. Адәы сакара, аԥслымӡра, ацәҳәыра…", — иҳәеит Ҵәыџьба.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа ирҭааит усҟан. Уижьҭеи уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит хымԥада, аха иибаз-иаҳаз анисгәаламшәо ыҟаӡам. Зегь раԥхьаӡа иигәаԥхаз акоуп — аԥсышәала ицәажәоит.
"Рхатәы бызшәа ахьчара ахьрылшаз, схы ларҟәны раԥхьа схырхәоит, ҭабуп ҳәа расҳәоит. Раԥсуара акәзар, уаҩы иџьаишьаратәы иныҟәыргоит. Иахьа ҳаиҭанаиааира амҩақәа рыҽдырҭбааит. Аҳәынҭқарра алшара иамақәоу рыла иҟанаҵо маҷӡам. Аҳәаанырцәынтәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаа, аҳәынҭқарра аганахь ала иҷыдоу ахаҵгылара рымоуп, ауадақәа роума, аҩнқәа роума, иҟаҵаны, еиқәыршәаны ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥнаҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ари аус излалшо ала иахаҵгылоит. Ҳара ибзианы еилаҳқаауеит ҳарҭ аӡә шҳакәу, ҳаԥсадгьыл аҿы ҳхаҭәааны ҳанхар шакәу, ҳаидгыланы аусеицаура анҳалша, ҳекономикагьы иреиӷьу аҿиара амҩа ишаныло, ҳамч-ҳалша еиҳагьы ишыӷәӷәахо, ҳшьапы ибзианы ҳшықәгыло.
"Сара сгәыӷуеит мышкымзар мышкы ҳашьцәеи ҳареи ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаицынхартә еиԥш аҭагылазаашьеи алшареи ҳауеит ҳәа. Сара исгәалашәоит Асовет мчы анеилаҳа ашьҭахь, ҳдиаспореи ҳареи еиҳа ҳаибабо ҳшалагаз. Шәара ижәдыруеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашра анцоз аамҭазы атәым тәылақәа рҿы инхоз ҳашьцәа ааны бџьаршьҭыхла ишҳадгылаз, рыԥсадгьыл шырыхьчаз. Иҟоуп урҭ рахьтә иҭахақәазгьы. Агенетика ӷәӷәоуп рҳәоит, уи ҿыхеит ҳәарада. Ҳажәларгьы иахәҭаз ахаҵгылара рырҭеит. Ҳажәлар еилыркаауеит ҳашьцәа рыда ԥсыхәа шҳамам. Избанзар, ҳара шьак-дак иалҵыз ҳауп. Жьи наԥхыи шузеилымхуа еиԥш, ҳдиаспореи ҳареи еиҟәыҭхашьа ҳамаӡам", — ҳәа иҳәеит Оҭар Ҵәыџьба.
"Аԥсны иқәынхо аԥсуаа ҳаасҭа жәантә, жәохәынтә еиҳауп, 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны ирыланхоит рҳәоит. Аиашазы ҳаззегьы ҳрызгәхьаауеит. Ҭырқәтәылагьы сцахьеит, арахь ианаауагьы ҳарԥылоит, ҳаибабоит. Аԥсуара иаҵанакуа абеиара зегьы еиқәырханы иныҟәыргоит. Уи ҳара ҳзгьы даараӡа акраҵанакуеит", — ҳәа иҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Фазылбеи Аҩӡба.
Ҳабацәа ҳабдуцәа зқьышықәсала иззыԥшыз ахатә ҳәынҭқарра даргьа ҳаргьы ҳамчқәа еибыҭаны иҳалҳаршеит ашьақәыргылара. Иахьа ҳауаажәлар ирымоуп иазхаҵоу аԥсуа аҳәынҭқарра. Ҳазҭагылоу аамҭазы акыр ирацәоуп иҭацәу адгьылқәа. Ҳашьцәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу даараӡа рыҩныҟа ианбаауеи ҳәа ҳарзыԥшуп.
"Абра ҳхеибарҭәааны, ҳҳәынҭқарра, ҳауаажәлар ныҟәаҳгаратәы аҭагылазаашьа ҳазшаз иҳаҭәеишьааит. Аԥсуа иажәа иалаҵан абас еиԥш иҳәоит: "Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп. Ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп" ҳәа. Абри азгәаҭаны, изызҳауа аҿар рԥеиԥш ҳазхәыцны, рыԥсадгьыл аҿы аԥсҭазаара бзиа рбаратәы иҟаларц гәаҳәарас иҳамоуп", — иҳәеит Аҩӡба.
Ииашоуп, аибашьра ашьҭахь зегьы маншәаланы ишуҭаху еиԥш иҟалаӡом, аибашьра иахҟьаны еилаԥыххаа ишьҭаҵаз даараӡа ирацәоуп, аха ҳауаажәлар зегь акоуп, Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгарала, ҳауаажәлар иаадырԥшуа ахдыррала, ҳарзыԥшуп ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа.
"Агәра згоит, доусы излаилшо ала игәы аартны дшырԥыло. Аԥсадгьыл аганахь ала иҟоу аидеологиа, аҳәынҭқарра шыхьчатәу ишахӡыӡаатәу, уи хымԥада аҳәара аҭахымзаргьы ҟалап. Избанзар, аԥсуа ишьа-ида уи иалоуп. Аԥсуа дзеиуоу ишьҭра еснагь дазҿлымҳауп, идыруеит. Иаҳхаҳгаз аибашьраан, ҳамацара ҳаанымхаӡеит. Нхыҵи-Аахыҵи, нырцәи-аарцәи уҳәа зегьы ҳавагылеит, иҳацеибашьит, ирылшоз ала рлагала ҟарҵон. Агәра ганы сыҟоуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рылаԥш шхоу", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Абырг дзымааргьы даап уи иԥа, мамзаргьы имаҭа. Аԥсадгьыл амч ӷәӷәоуп, арахь ихьанамырԥшыр ауӡом. "Аԥсадгьыл бзиоуп, иԥшӡоуп, арахь шәааи" ҳәа аҳәара мацара азхаӡом. Уи гәыла-ԥсыла уашьҭазароуп, иулазароуп, ухәыцра иалазароуп.
"Ԥшьынтәҟа, хәынтәҟа Ҭырқәтәыла хауаажәлар ахьынхо сцахьеит. Аиаша шәасхәоит, шаҟа уеибабо аҟара убриаҟарагьы агәыбылра шыӷәӷәахо. Ҭырқәтәылантәи аӡә дааит ҳәа ансаҳалак, дызбандаз, ҳааидтәаландаз, ҳаицәажәандаз, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәандаз ҳәа сгәахәуа сааҟалоит. Аҿар лассы-лассы еибабалаароуп, аимадара рыбжьазароуп. Аҳәынҭқарра ари аус алаԥш ахуп", — иҳәеит адепутат.
"Ҳарҭ ҭоурыхла акәын ишаҳдыруаз ҳџьынџьуаа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны ишынхоз, рыԥсадгьыл аҟынтә ахҵәар ишақәшәаз. Аха, иахьа, Анцәа иџьшьаны, ҳаибабаратәы аҭагылазаашьа ҳамоуп. Уи анаҩсангьы ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәратәы аҭагылазаашьа ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Дмитри Гәынба.
Ҳәарада, уи ахарџь аҭахуп. Ишыжәдыруа еиԥш, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы иара ахатә фонд амоуп, уахь иаланагалоит досу ҳуалафахәы аҟынтә апроцентқәа. Ииашоуп, ишаҳҭаху еиԥш зегьы ҳзыҟамҵаргьы,
иахьа ҳамч-ҳалшарақәа еидҵаны иҳалшо ахәыҷы ҳаҿуп.
Шьоукы ргәаанагара ус иҟоуп: "Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьы ахь урыԥхьозар ирыхәҭоу, ирыгу-ирыбзоу зегьы руҭозароуп", ҳәа. Даҽа џьоукых, "Иҳалшоу ала адгылара раҳтароуп", ҳәа.
"Саргьы сгәаанагара убас иҟоуп, зегьы ҳалымшаргьы, иҳалшо ала ахаҵгылара раҳҭоит иҳамоу ахәыҷы еиҟәҳарҷҷозаргьы. Ҳазегьы ҳаидгыланы ари аус ԥсуаҵас ҳазнеир, ҳԥеиԥш арԥшӡоит, ҳаԥсуарагьы шьҭнахуеит. Сара имаҷымкәа Ҭырқәтәыла сцахьеит, игәасымҭакәа сзавсуам ирҳәо аԥсуа бызшәеи, иныҟәырго аԥсуареи. Аԥсуа ҵасқәа шаҟа иԥшӡаны, ихаҭәааны иҟоу аҟара, убриаҟара агәахәа унамҭарц залшом. Убригьы азҿлымҳара зуҭаша, узҿыԥшышы хҭысуп ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа иҳәеит Гәынба.
Ааи, ара ишԥаныҟәҳамгои аԥсуара, иазгәаҳҭоит хымԥада, аха атәым дгьыл аҿы иахьыҟоу еиҳа иахӡыӡааны акәхап, даара аҳаҭыр шьҭыхны иацныҟәоит. Аԥсуара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаиднакылароуп, наџьнатә аахыс уи ҳабацәа ҳабдуцәа рыбла ҷыц еиԥш изыхӡыӡаауаз акәын, уи ҳаргьы ибзианы еилаҳкаауазар ауп. Ҳхәыцра акәзар, хымԥада ахеиқәырхара еиҳа иахзыманшәалахоит ҳәа агәаанагара имоуп адепутат.