Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра: макьаназы аԥшаарақәа лыҵшәадоуп

© Sputnik Роберт ДжопуаАҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра: макьаназы аԥшаарақәа лыҵшәадоуп
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра: макьаназы аԥшаарақәа лыҵшәадоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара икаҳаз Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа. Аҳаирплан аԥҽыхақәеи иҭахаз рыԥшаареи макьаназы илҵшәадоуп иҳәеит аԥшаарақәа ирылахәу Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

"Иахьа шьыжьаахыс Гагратәи абухта иахьаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥаагоит, аха макьаназы ҳусура лҵшәадоуп", — иҳәеит иара.

Делибалтиан иажәақәа рыла Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи дареи иааиԥмырҟьаӡакәа аинырра рымоуп, русурақәа рымҩаԥгаразы еилацәажәоит, еиқәышаҳаҭхоит.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор

Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра.

Авиакотострофа аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа напхгара аиҭоит Соколов.

Ажәабжьқәа зегьы
0