Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит
Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Нури Багаҭелиа ихьӡ зху, зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит Цандрыԥшь аҳаблан.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Нури Багаҭелиа ихьӡ зху, зхы иақәиҭу ақәԥаразы ақәыԥшцәа рыбжьара жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Цандрыԥшь аҳаблан. Уи иалахәын 130-ҩык Аԥсни Урыстәылеи рҟнытә аспортсменцәа.

Цандрыԥшь аҳаблан, зхы иақәиҭу ақәԥаразы ашкол аус ауеижьҭеи шықәсыки бжаки роуп иҵуа. Ари аамҭа иалагӡаны, уи аиҳабы, азыҟаҵаҩ Варткес Терзиан илиршеит, аспортсменцәа аҟазацәа рабиԥара ҿыц ааӡара. Иара 17-ҩык иааӡамҭацәа рҟнытә 9-ҩык рықәратәи рыкапантәи гәыԥқәа рҟны ирыԥсахеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаНури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит
Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥысит

Ус актәи аҭыԥ ааныркылеит Арсен Хачатуриан, Ерик Мхонџьиа, Роман Бегиан. Аҩбатәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит Дмитри Микоелиан, Георги Урумиан, Сергеи Мумджиан.

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Карен Давидиан, Артур Кешишиан, Размик Чаилиан. Аԥхьахәқәа згаз иранашьан амедалқәеи ахраҿақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.

Аԥсны Афырхаҵа Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала атурнир амҩаԥгара иаԥшьгамҭоуп, Цандрыԥшьтәи зхы иақәиҭу ақәԥаразы ашкол аиҳабы Варткес Терзиан.

"Шықәсыки бжаки раԥхьа, Цандрыԥшь аҳаблан, зхы иақәиҭу ақәԥаразы ашкол анаартха инаркны, гәҭакыс исыман, Аԥсны Афырхаҵа Нури Багаҭелиа игәалашәара ахьӡала атурнир еиҿыскаарц. Иара иӡбахә Аԥсни уи анҭыҵи измаҳац дыҟам. Нури Багаҭелиа зхы иақәиҭу ақәԥараҟны алҵшәа бзиақәа ааирԥшхьан, изныкымкәа атурнирқәеи аицлабрақәеи рҟны аԥхьахәқәа игахьан, СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихын. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, аспорт аганахьала агәыӷрақәа здаҳҳәалоз арԥыс иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит", — иҳәеит атурнир аиҿкааҩ.

Нури Багаҭелиа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, раԥхьатәи амш аҽны, нанҳәа 14 рзы, Аҟәа ақлақь, ацҳа ҟаԥшь аҟны, раԥхьатәи аидыслараҿы, аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит.

Нури Багаҭелиа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵахоит.

"Атурнир аиҿкаареи амҩаԥгареи рҟны ацхыраареи авагылареи сызҭаз Цандрыԥшь иқәынхо ауаажәлари сҩызцәеи иара убас ареспубликатә аспорттә школ "Абаза" уи аиҳабы Леонид Боџьгәуеи иҭабуп ҳәа расҳәоит", — ҳәа ациҵеит Терзиан.

Варткес Терзиан иажәақәа рыла, ари атурнир итрадициатәны иҟарҵарц ргәиҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0