Россотрудничество аелектронтә библиотека Аԥснытәи ахәыҷқәа рзы иаанартит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссатрудничество аелектронтә библиотека Аԥснытәи ахәыҷқәа рзы иаанартит
Россатрудничество аелектронтә библиотека Аԥснытәи ахәыҷқәа рзы иаанартит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иҟоу анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентри аилахәыра "ЛитРеси" Аԥсны иҟоу аурыс школқәа рыдгыларазы аус адырулеит аелектронтә библиотека "ЛитРес: Школа".

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәа иҟоу анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентри аилахәыра "ЛитРеси" Аԥсны иҟоу аурыс школқәа рыдгыларазы аелектронтә библиотека "ЛитРес: Школа" аус адуланы иаадыртит хәыда-ԥсадатәи абиблиотека. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Россотрудничество аконсультант Дмитри Кононов.

Иахьатәи аамҭазы абиблиотекаҟны иҟоуп 1650 шәҟәы.

"Аиҳарак арҵаратә литературеи, асахьаркыратә рҿиамҭақәеи, апоезиеи, ахәыҷтәы литературеи, арҵаҩцәа рзы аметодикатә бжьагарақәеи аенциклапедиақәеи роуп абиблиотекаҿ еизго. Апроект азырхоуп урыс бызшәала аҵара ахьымҩаԥысуа ашколқәа рҟны аҵара аус ацхраара, — иҳәеит Кононов. – Абиблиотека аԥҵоуп Аҟәа иҟоу анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентри аилахәыра "ЛитРеси" рыдгыларала".

Абиблиотека ахархәаразы ашколқәа аурыс школқәа рыцхырааразы Асистема аофициалтә саит http://rusch.litres.ru/ мамзаргьы Аҟәа иҟоу анаукеи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр аҿы аҽҭаҩра мҩаԥыргароуп.

Иуҭаху ашәҟәы угар алшоит 12 мзы ҿҳәарас иаманы, иаҭахны иҟалар уи аҿҳәара иацуҵар ауеит. Дарбанызаалак аҵаҩы азин имоуп аамҭакала 20 рҟынӡа шәҟәы ихы иаирхәар.

Кононов иҳәеит абиблиотека Аԥснытәи ашколқәа зегьы рхы иадырхәар шалшо.

Дмитри Кононов ишиҳәаз ала абиблиотека ахархәаразы ашкола анкета харҭәааны Россатрудничество ахаҭарнакрахь инанашьҭроуп.

"Россотрудничество ахаҭарнакра ашкол аурыс школқәа ацхыраара рыҭаразы Асистемаҿы ашкол ашәҟәы иҭанагалоит. Иҟалоит ашкол амацара Асистема асаит аҟны ашәҟәы аҽҭанагаларгьы. Иара убасгьы иалшоит аҵаҩы ихала, ихазы аинформациа арбаны ашәҟәы иҽҭеигалар", — иҳәеит Кононов.

Аелектронтә библиотека ахархәара алшоит онлаин режим еиԥш оффлаин режим алагьы. Оффлаин режим ала ахархәаразы амобилтә цҵа "ЛитРес: Школа" шьақәыргылатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0