Аинрал игәалашәарақәа

© Фото : предоставлено Госмузеем АбхазииАџьынџьтәылатәи еибашьра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинрал Гиви Камыгә-иԥа Агрба иҿцәажәарақәак шәрыԥхьар шәылшоит Дмитри Габелиа ианҵамҭаҿы.

Sputnik, Дмитри Габелиа

Аԥсаҭалаша Гиви Камыгә-иԥа Агрба иҿцәажәарақәа имаҷымкәаны аудионҵамҭақәа ирнысҵахьан. Усҟан аинрал игәамч дақәгәыӷуа, ишықәснҵыра ду хараны дықәыԥшуа, дҭәы-дыԥха дыҟан. 

1992 шықәсазы Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа (Аԥсуа гвардиа) рполк акомандаҟаҵаҩ, Аҟәа Ацҳа ҟаԥшьаҿы ақырҭқәа рҿагылара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Гиви Камыгә-иԥа аибашьра атемала иҿцәажәара мариаӡамызт… Узызҵаарц иуҭаху уахьынӡазҿлымҳау агәра игаанӡа дузырцәажәомызт, атема инахга-аахго уҧишәарц иҽазикуан. Хаҭала еилыскаауан уи зыхҟьоз – иара ус еиԥш аибашьра дазыҟан, игәалашәара ҷыдақәа дрыхӡыӡаауан. 

Гиви Камыгә-иԥа 1993-1996 шықәсқәа рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз, 1996-2002 шықәсқәа рзы Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аорден "Ахьӡ аԥша" занашьоу, Аҧсны д-Афырхаҵоуп.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Дмитри Габелиа: ҳҳәынҭқарра ахьыӡгьы, ахьымӡӷгьы ҳара ҳоуп

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аазырԥшуа уи игәалашәарақәа рыхәҭак акьыԥхьразы еиқәсыршәахьан еиԥш, иԥсҭазаара шҿахҵәаз ала ажәабжь ааҩит. Усҟан ацәыӡра агәала ду шҳауз еиҧш иҳамоуп иагымхаӡакәа. Уижьҭеи иахьа уажәраанӡагьы урҭ агәалашәарақәа цәырсымгацызт. Абраҟа иаазгарц сҭахуп аинрал игәалашәарақәа рыхәҭак.            

Аиааира аӡыхьеиԥш ахы ыҵнахуан…

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра амшынҵа ҳанԥшылар, ибзиаӡаны иаҳбарҭахоит шықәсык иалагӡаны ҳаибашьцәа изныкымкәаны имҩаԥыргаз ажәыларақәа, урҭ рылҵшәақәа… Ҷыдала иалыскаарц сҭахуп ианвартәи, марттәи ажәыларақәа. 

Исҳәарц сҭахуп, усҟан аоперациақәа реиҿкара знапы алакыз, мамзаргьы, урҭ рынагӡара здыз, идырны иҟарҵаз ҳәа гха дук шысзымдыруа. Ииашоуп, аԥхьатәи амзақәа рзы иҳауз ацәыӡқәа (уааԥсыралагьы, дгьыллагьы) еиҳа ирацәахеит, анаҩс аасҭа. Уи зыхҟьаз аибашьра ишақәнагаз ҳахьазыҟаҵамыз акәхап. 

Анцәеи ажәлари еиқәшаҳаҭны, Владислав Арӡынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа данраԥхьагыла инаркны Аиааира аӡыхьеиԥш ахы шыҵнахуаз ҳбон. Иара иҳәалон еиԥш, аибашьраҿы еибашьроуп, зны ухьаҵроуп, даҽазны ужәылароуп, ацәыӡгьы умоур ҟалаӡом. Даҽа зҵаароуп, уи ақәԥараҿы угха-ԥхақәа гәаҭаны, алкаа рзуны ԥхьаҟа ацара. Уи ҳалшеит ҳәа сгәы иаанагоит, Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылара ду аҽазыҟаҵара ҳаналага.  

Ахымца аанкыларазы аиҿцәажәарақәа

Ишыжәдыруа еиҧш, еиҿагылаз аганқәа, аурысқәа алархәны 1992 шықәсазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгахьан. 

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

Убасҵәҟьа, 1993 шықәсазгьы, Аҟәа араион иаҵанакуа ахәқәа анҳга, аҕа иаанкыланы имаз аҭыҧқәа ҳаибашьцәа рнапахьы иарго ианалага, еиҭа аиҿцәажәарақәа рызҵаара цәырҵит. Урҭ рымҩаԥгаразы, раԥхьаӡа иргыланы, ажәалагала ҟазҵоз қарҭаа ракәын. Амчқәа реиҿагылараҿы даҵахошәа анибалак, Едуард Шерваднадӡе аиҿцәажәарақәа мҩаԥгатәуп, аибашьра аанкылатәуп ҳәа азҵаара ықәиргылон. Нас, аганқәа реидыгара ихы иархәаны, имчқәа реихаҳара, рырҭбаара иҽазикуан. Ус ҟаиҵахьан 1992 шықәсазтәи амчқәа реидыгараҿы, ус ҟаиҵарц иӡбеит 1993 шықәсазтәи аиҿцәажәарақәа рҿгьы. Убри аҟнытә, уи иҩысҭаара хшыҩзышьҭра аҭаны иӡбан абас: 

1. Ақырҭқәа Аҟәа ааныжьны Дранда аҳабла аҟынӡа инаскьоит; 

2. Ақырҭқәа реибашьыга атехникеи рабџьари Дранда аҳабла аҟнытә дәыҕбала Қарҭҟа идәықәырҵоит; 

3. Аԥсуаа хьаҵроуп Афон Ҿыц аҟынӡа. 

Аганқәа арҭ апунктқәа иахьынӡарықәныҟәо агәаҭаразы еиҿкааз акомиссиа иалалеит х-ганк (Аҧсны, Урыстәыла, Қырҭтәыла) рхаҭарнакқәа. Хыхь ҳазлацәажәаз 1992 шықәсазтәы аиҿцәажәарақәа рҿы Аҧсны аҧсуа ган хаҭарнакыс сара сыҟан аҟнытә, уажәтәи акомиссиагьы саларҵеит. 

Раԥхьаӡа иргыланы, абарҭ ах-ганк хаҭарнакра рзызуаз ҳахҩыкгьы ҳнапы ианыз абжьаҟазара аус акәын. Зны игәаҳҭон аԥсуа еибашьцәа ахьгылаз, нас ақырҭқәа ахьыҟаз, аиқәшаҳаҭра ишаҳәоз еиҧш ихьаҵу, мамзаргьы ихьамҵу. Хаҭала иӡбаны исыман ақырҭқәа Дранда аҳабла аҟынӡа ииашаҵәҟьаны инаскьагахарц азҵаара ақәыҕәҕәара, Аҟәа рымчқәа рҵәахыргьы иахьыҟоу аилкаара. Избанзар, егьа аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳгаргьы, Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳамжәылар ҟаломызт. 

Аганқәа реидыгара анаҩс, иҟан ацәажәара, аиҳабырақәа Аҟәа итәаны аусеицура иалагарц. Уи шалымҵуаз ҳара ҳеиԥш ақырҭқәагьы ирдыруан аҟнытә, аиҿцәажәарақәа рҿы ишеибаҳҳәаз еиԥш рхы мҩаԥыргоит ҳәа агәрагара сымамызт.

Ақырҭуа аофицарцәа рыхәмаррақәа

Аганқәа реидыгаразы аус шцо атәы аилкааразы акырынтә аиқәшәарақәа мҩаԥаҳгахьан Аҟәатәи (МВО) асанаториаҿы. Нанҳәа мзазы имҩаԥысыз абарҭ аиқәшәарақәа руак аҿы Сергеи Шоигу имӡакәа иҳәеит, еиҿагылаз амчқәа реидыгараан аԥсуаа ҳганахьала иахәҭаз зегьы шынагӡаз.

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Ҳара ҳакәзар, иаарџьбараны азҵаара ықәҳаргылеит ақырҭқәа ртехникеи ашьаҟаруааи ақалақь аҿы ишырҵәахыз ала, агәынамӡарагьы ааҳрыԥшит акомиссиа иалаз зегьы ҳахьыржьаз азы. Уи аамҭазы сара аинформациа сыман атехника ахьыҵәаху, насгьы урҭ рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо.

Уимоу, инықәырԥшны акәзаргьы, хыԥхьаӡарала шаҟаҩык ақырҭуа еибашьцәа рҽыҵәахны Аҟәа иҟоугьы сарҳәахьан. Убри аҟнытә, аиҿцәажәарақәа рҿы иаҳҳәеит иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра ақырҭқәа рганахьала ишынагӡам. Ари заҳаз ақырҭуа аинралк, аофицер ишихәҭоу еиҧш хьыӡла шәхы ныҟәшәымгеит ҳәа иара итәқәа лахь риҭо далагеит. Урҭ ирылаз даҽа аинралк (… Адамиа) даасыҧхьан сиазҵааит: 

–  аибашьра мап ацәукуоу, мамзаргьы ҧхьаҟагьы иацуҵарц уҭаху?.. 

– Мап, уаҳа аибашьра ҳҭахым, – ҿааиҭит уи. Ус акәзар, аганқәа ишеибаҳҳәаз еиԥш шәхы зымҩаԥышәымгазеи ҳәа саниазҵаа, иҳәеит Қарҭынтәи иааз аинралцәа ирылшоз ԥишәарц, насгьы уи ала, араҟа хадара зуа иара шиаку дирбарц шиҭахыз атәы. Сааҭбжак ааҵхьан еиԥш, уи иҵәахны имаз иеибашьцәа амашьынақәа ирықәтәаны ииасны ицо иалагеит, уимоу имаҷымкәаны атехникагьы мҩаҧыргеит. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Аиқәшаҳаҭрақәа реилагара афакт

Аинформациа соуит Цугуровка акәша-мыкәша ақырҭуа ирбџьармчқәа рыхәҭақәак рҽыҵәахны иштәоу ала. Аурыс полковники (… Олинахин) ақырҭуа аинрали (… Ҭаҭунанашьвили) сыманы уахь амҩа сықәлеит. Ҳахьынхалаз ақырҭуа баталион акомандир иеибашьцәеи иареи ҳнарыдгылеит. Араҟа агылара азин шәымамызт, иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны уажәшьҭа Дранда шәыҟазар акәын ҳәа аниасҳәа, ус еиԥш адҵа смоуӡеит иҳәеит. Уаҟагьы даара ҳаибарххеит аха, ирымаз адҵа изахыԥомызт аҟнытә, усҟан иаразнак иаҳзылбаамгеит. Анаҩс, ҵаҟа ҳанылбаа, иаҳбаз х-ганк ҳахьеиқәшәоз анаҳҳәа, урҭ абна илатәазгьы алыргар акәхеит. 

Ҳаибашьцәа зегь реиԥш, хаҭалагьы сгәы иҭыхоз, иахьынӡауа аиқәшаҳаҭра ҳхы иархәаны аҕа имчқәа Аҟәа ралгара, анаҩс аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәылара аҽазыҟаҵара акәын. Иара убри аамҭазгьы, еилыскаауан, егьа ҟаҳҵаргьы ақырҭқәа рырхәҭақәак џьара-џьара рҽырымҵәахыр шырымуаз. Уи агәыҩбароуп сеимдо Ақалақь салсны Гәылрыҧшьынӡа сназгазгьы. Уаҟа иҟан … Ҟарҟарашьвили иштаб. Аинрал гәымбылџьбаҩ саниба иааџьеишьеит, нас, арахь дышԥааугеи ҳәа сымҩаҧызгоз диацәҳауа далагеит қырҭшәала.  

Аҟәаҟа хьыӡрацара

Аӷа имчқәа ахьиҵәахыз, итехника ахьыҟоу, насгьы шаҟа ыҟоу еилкааны Султан Сосналиеви Сергеи Дбари ирысҭоз адыррақәа ахархәара рыҭаны, Аҟәа ахақәиҭтәразы аплан ашьақәыргылара рҽазыркит. 

Уаанӡатәи ажәыларақәа (ианвартәи, марттәи уҳәа…) шаанӡа ихацҳаркызтгьы, сентиабр 16 рзы аҽнышьыбжьон Аҟәа ахақәиҭтәра ҳалагарц ҳаӡбеит. Даргьы ргәы ишҭамыз, амра ирнаҭоз ашоура ацәа ианҭанагалоз аамҭазы ҳаибашьцәа рыжәлеит. Иҳәатәуп, уаанӡа ҳабжаҩык аҷкәынцәа ҳацәҭаханы Гәымсҭа ҳахысны "Зеркало" аҟынӡа мацара уадаҩла ҳааиуазтгьы, сентиабр мзазы амашьынақәа ҳрықәтәаны, ԥынгыла дук ҳмоуӡакәа ақалақь Аҟәа агәаҟынӡа ҳааӡеит. 

Х-хырхарҭак: Алашырбага (Маиак), Гәымсҭа, Аҟәатәи ашьха рыла зҿаазхаз ҳаибашьцәа 11 мшы рҭаххеит аҩнқәеи ахыбрақәеи рҿы зҽыҵәахны итәаз аҕа ииааиразы. Усҟан Аҳабла ҿыц аҿы иҟаз аҭелтә станциаҿы аштаб ҟаҳҵеит, нас иаарласны уи агангьы аҭарцәра ҳалагеит. Уаантәи Алашырбага аҳаблеи Гәымсҭа ақыҭеи унапы ианушәа иубарҭоуп. Уи аамҭазы адырра ҳауит Гәымсҭа-Массив Сосо Ахалаиа дзаҧхьагылоу 80 ҩык ақырҭқәа тәоуп ҳәа. Ҳара иҳаӡбеит, урҭ ҭарханы, ақалақь аҿы иаанханы иҟаз ақырҭуа ирхәҭақәа амацәаз рҭакра. Уаҟа ҳаибашьцәа иаадрыҧшыз агәымшәара иабзоураны С. Ахалаиа иеибашьцәа рхы ҳарымҭар ада даҽа мҩакы раҳамҭеит, иара ишьапы иҽаиргеит.  

Абас х-хырхарҭак рыла Аҟәа ахақәиҭтәразы иалалаз абаталионқәа ҳаиқәшәеит ақалақь агәаҿы игылоу Аминистрцәа усҟантәи рыҩны ахыбраҿы. Нас, ҳар хәҭа-хәҭала ишаны амҩақәа рыцқьо ҳҿынаҳхеит. Хыԥхьаӡарала 400-ҩык иҟаз ҳаибашьцәа наӡеит Ацҳа ҟаҧшь аҟынӡа. Усҟан Аминистрцәа рыҩны аԥсуа бираҟ ахадыргылахьан.  

Аҟәа анҭаҳарцәы ашьҭахь аҕа дыҩит, ҳаргьы иҟәаҟәа ԥҵәо мрагыларатәи аҳәаахь ҳнаишьҭалеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0