Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟынтәи русура иамхуп 19-ҩык аусзуҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2016 шықәсазтәи реихшьаалақәа мҩаԥгоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2016 шықәсазтәи реихшьаалақәа мҩаԥгоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски 2016 шықәсазтәи аусбарҭа аусура далацәажәеит апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2016 шықәса аҩныҵҟа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟынтәи русура иамхуп 19-ҩык аусзуҩцәа, иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски.

"Агәаҭарақәа рылкаақәа рыла агәҽанҵара рыҭан 29-ҩык аминистрра аусзуҩцәа, лахьы ӷәӷәа рыҭан 25-ҩык аусзуҩцәа, русура иамхын 19-ҩык аусзуҩцәа, урҭ рҟынтәи хәҩык анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьрыдыркылоз иахырҟьан", — иҳәеит Базильски.

Драндатәи СИЗО аҟынтәи ацәгьоуцәа рыбналара далацәажәо иара иазгәеиҭеит хәҩык аусзуҩцәа рмаҵурақәа рахь ишырхынҳәыз.

"Аҭыԥ змаз Гәдоуҭатәи РОВД аусзуҩцәеи Афон ҿыц ақалақь амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара ахҭыс акәзар амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥысуеит. Иаарласны ихыркәшахоит", — иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски.

Иара иажәақәа рыла 2016 шықәса рзы имҩаԥган 99 маҵзуратә гәаҭара, Апрокуратура хадахьы ишьҭын аматериалқәа быжьба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурахьы – аматериалқәа ҩба, атәыла Ахада Иусбарҭахь –материалк.

Ажәабжьқәа зегьы
0