АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа арԥшӡарақәа еиҳа еиӷьны имҩаԥызгаз анаплакыҩцәа рыбжьара аиндаҭлара аихшьаалақәа ҟаҵаны иаиааиз адипломқәеи аҳамҭақәеи рыҭан ақалақь Ахадараҟны.
"Ҳара иаҳҭахын абри аиндаҭлара рхы аладырхәырц излалшо ала ирацәаҩны анаплакыҩцәа. Сынтәатәи ҳԥышәа ҳхы иархәаны, ҽааны ҳусурақәа еиӷьны еиҿаҳкаап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәеит ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Аноминациа "Анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи, аусбарҭақәеи еиҳа еиӷьны изырыԥшӡаз" аҟны аиааира арҭеит архитектуреи адизаини рстудиа. Астудиа аԥшәма Шебнем Маршьанԥҳа илҳәеит:
"Сара сус даара бзиа избоит. Ихадароу уус ушазыҟоу ауп. Сара Аԥсны бзиа избоит. Исҭахуп абра сус бзианы инасыгӡаларц. Ари сара сыҩноуп. Агәра згар сҭахуп ус бзиак сзынагӡар, сыԥсадгьыл иахәап ҳәа", — лҳәоит Шебнем.
Адипломқәеи аҳамҭақәеи ранашьан имаҷҩымкәа ақалақь анаплакыҩцәа.
"Ҳара иахьа иҳаӡбеит аиндаҭлара аихшьаалақәеи ақалақь асоциалтә ԥсҭазаара аиӷьтәра активла зхы алазырхәуа ҳнаплакыҩцәа агәазыҟаҵаратә шәҟәқәа рыҭареи еидаабаларц", — иҳәеит Леон Кәарҷиа.
Агәазыҟаҵаратә шәҟәқәа рыҭан ақалақь анаплакыҩцәа жәпаҩык.