АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Sputnik амедиа-центр аҟны имҩаԥысит Аҟәа ақалақь акультура аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Ҭимур Кәакәасқьыри ашәаҳәаҩ Артур Лакрбеи рпресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны ашәаҳәаҩ Артур Лакрба иҳәеит аныҳәа ауха, аԥсаӡ хада аҿаԥхьа инеигӡараны дшыҟоу ашәа ҿыц "Небеса".
Ашәа ажәақәеи амузыкеи равтор Артур Лакрбаиоуп, ашәа урысшәала иҩит.
Апресс-конференциаҟны Артур Лакрба еиҭеиҳәеит ааигәа Аԥснытәи артистцәа Аҟәа ақалақь-ешьа ҳәа иҟоу Томбов рыҟазаара атәы.
"Томбов сынтәа Урыстәыла Ашықәс ҿыц иаҳҭнықалақьны ишьақәырӷәӷәан. Уахь иаагаз ашәа "Аҟәа – Томбов" ажәақәа иҩит Ҭимур Кәакәасқьыр, амузыка сара. Ашәа налыгӡон Мана, Манана Братухина. Уатәи ҳақәгыларақәа ирылахәын ахореографиатә ансамбль "Иааирума", — иҳәеит Артур Лакрба.
Артур Лакрба Аԥсны ауааԥсыра зегьы ирыдиныҳәалоит иааиуа ашықәс ҿыц.