Базильски: Нури Смыр имашьына иаехсит ҳәа ирҳәо уҳәан-сҳәануп

© Sputnik Авидзба БадракАԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски 2016 шықәсазтәи аусбарҭа аусура далацәажәеит апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афон ҿыц амилициа аиҳабы иқәлеит ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәы амаӡам, иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадаратә усбарҭа аиҳабы Игорь Базильски 2016 шықәсазтәи аусбарҭа аусура далацәажәо апресс-конференциаҟны.

"Асоциалтә ҳақәа рҟны абри ажәабжь сшаԥхьаз еиԥш иареи сареи ҳаиԥылан, ҳаицәажәеит. Амашьын хаҭала сахәаԥшит. Иарбанызаалак малырк аманы иҟамызт. Смыр ихаҭагьы ирылаҵәан иҟоу ажәабжь мап ацәикуеит", — иҳәеит Базильски.

Амилициа аиҳабы идагьы ирыҿцәажәан ақалақь ауааԥсыра, аха дарбанызаалак ахысыбжьқәа имаҳаит.

Ԥхынҷкәын 27 АИХ (СМИ) рҟны ицәырган Афон ҿыц амилициа аиҳабы Нури Смыр имашьына иаехсит ҳәа аинформациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0