АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik, Бадри Есиава. Азакәан апроект адгалара мҩаҧго, Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба алкаа ҟаиҵеит: “Азакәан апроект атәыла Мрагыларатәи ахәҭа, Гал араион аҿы инхо ауааҧсыра рзинтә статус аҳәаақәҵара иазырхоуп".
“Анхаразы азин аршаҳаҭга” аҭара ҳәаақәызҵо аиҭакрақәа азҧхьагәанаҭоит. Уаанӡа иҟаз аҧҟарақәа хҧа, жьҭаарамза 12, 1999 шықәса инаркны 10-шықәса инеиҧынкыланы Гал араион иқәынхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа” ҳәа даҽа ҧҟарак рыцҵаразы аҧшьгара ҟаҵоуп.
Убри аан, Аилак инарҭбаау аилатәараҿы иарбоу азҵаара алацәажәараан, уи ахаҭарнакцәа еицҿакны гәаанагарк ахь анеира шрылымшазгьы, бжьеиҳала адепутатцәа азакәан аԥсахрақәа рыдыркылеит.