АИХ (СМИ) рҟны ирҳәеит атерракт мҩаԥызгаз ихьӡ

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАИХ (СМИ) рҟны ирҳәеит атерракт мҩаԥызгаз ихьӡ
АИХ (СМИ) рҟны ирҳәеит атерракт мҩаԥызгаз ихьӡ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла азинхьчаратә органқәа аҩаша иааныркылеит аҽа фҩык, ажьырныҳәа акы азы Сҭамԥылтәи аклуб Reina аҟны аҭыԥ змаз атерракт иалахәзар ҟалап ҳәа гәҩарас икны. Атерракт иахҟьаны иҭахеит 39 –ҩык ауаа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 — Sputnik. Ҭырқәтәыла азинхьчаратә органқәа аҩаша иааныркылеит аҽа фҩык, ажьырныҳәа акы азы Сҭамԥылтәи аклуб Reina аҟны аҭыԥ змаз атерракт иалахәзар ҟалап ҳәа гәҩарас икны. Атерракт иахҟьаны иҭахеит 39 –ҩык ауаа. Ҭырқәтәылатәи АИХ (СМИ) рҟны ицәырҵит атерракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу ацәгьоуҩы ихьӡ. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура EFE адыррақәа рҵаҵӷәала.

Ателеканал TRT адыррақәа рыла атерракт ҟаиҵеит ҳәа дыԥхьаӡоуп Киргизиа атәылауаҩ Лакхе Машрапов (Lakhe Mashrapov).

Иара убасгьы иҟоуп адыррақәа ацәгьоуҩы абҵарамзазы иԥҳәыси ихәыҷқәеи иманы ақалақь Кониа днеиит ҳәа Шьамтәылантәи. Уаҟа иара атеррористтә ус даздырхион.

Ашықәс ҿыц ауха Сҭамԥылтәи аклуб Reina иақәлаз атеррорист 39-ҩык ауаа ишьит, ихәит 69-ҩык. Атеррористтә акт амҩаԥгара ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство".

Ажәабжьқәа зегьы
0