Акәашаратә флешмоб мҩаԥысуеит Москва

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкәашаратә флешмоб мҩаԥысуеит Москва
Акәашаратә флешмоб мҩаԥысуеит Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә Ашықәс ҿыц аҽны, ажьырныҳәа 14 рзы ВДНХ имҩаԥгахоит акәашаратә флешмоб.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12— Sputnik. Ажәытә Ашықәс ҿыц аҽны, ажьырныҳәа 14 рзы ВДНХ имҩаԥгахоит акәашаратә флешмоб. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"2017 шықәса ажьырныҳәа 14 ауха ВДНХ аҵаақәышьқьрырҭаҟны имҩаԥгахоит еиуеиԥшым акәашарақәа рмастер-класс. Урҭ рылагамҭазы идырбахоит анеиҭаҵ-ааиҭаҵшьа хадақәа, ихыркәшахоит – флешмоб ала", ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҟны.

Амузыкеи акәашарақәеи рыдагьы имҩаԥгахоит амастер-классқәа ақьаад иалху аԥааимбарцәа рсахьақәа рыҟаҵашьазы. Аҵаақәышьқьрырҭаҟны ицәырҵуеит ҩба-ҩба метра иҟоу ираӡныԥсароу аҵлақәа рыбнара. Дарбанызаалак илшоит иԥааимбарсахьа игәҭакы анҵаны арҭ аҵлақәа рымахәқәа ирхишьырц. Уи иҿаҳәатәы аҟалара иацхраауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0