Азакәан ашьоура

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсуа уаажәларра рдоуҳатә ҭагылазаашьа" атемала имҩаԥысит аиԥылара
Аԥсуа уаажәларра рдоуҳатә ҭагылазаашьа атемала имҩаԥысит аиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса алагамҭазы ареспубликаҟны аҭыԥ змаз ауаҩшьрақәа, урҭ ирыхҟьаз ашьоурақәа, анаркоманиеи акоррупциеи рызҵаарақәа ирылацәажәон адоуҳатә усзуҩцәеи ареспублика ауаажәларреи.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

2017 шықәса алагамҭазы ареспубликаҟны аҭыԥ змаз ауаҩшьрақәа, урҭ ирыхҟьаз ашьоурақәа, анаркоманиеи акоррупциеи рызҵаарақәа ирылацәажәон адоуҳатә усзуҩцәеи ареспублика ауаажәларреи.

Аиԥылара мҩаԥысит "Аԥсуа уаажәларра рдоуҳатә ҭагылазаашьа" атемала. "Аҩныҵҟатә еиҿагылара уаацәшәартә аҟынӡа инаӡеит, — иҳәеит Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада аиреи Виссарион (Аԥлиа). – Убри инадҳәаланы Аиашахаҵаратә уахәама хыдҵаны иагеит абри аус алацәажәара. Сара аӡәы ииҳәо сзадымгылозар, убри аҭагылазаашьала Анцәа имҵаныҳәара азин сымам.  Анцәа иҟаҳҵо, иаҳҳәо зегьы ибарҭоуп", — иҳәеит иара.

Аиереи иажәақәа рыла аԥсуа жәлар рыуадаҩрақәа зегьы рыҵагылара рылшеит. Аибашьраан ахьыԥшымра аиура рылшеит.

"Иреиӷьыз ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит ԥхьаҟа аиҵагылара, аиҵаҭәра", — иҳәеит Виссарион (Аԥлиа). 

Гәыли Кьычԥҳа, Анацәа рхеилак ахантәаҩы узцәыԥхааашьаша акоуп ҳәа азылҳәеит абжьаратә шәышықәса аамҭақәа рахь ҳзыргьыжьуа ашьоура.

"Ауаа рышьра, аҩнқәа рбылра – арҭ зегьы ауаажәларра ақәыӡбароуп. Ҳара аибашьраҿ ҳаиааиит. Уажәшьҭа ҳхы ҳаиааироуп", — лҳәеит лара.

Афонд  "Апра" ахаҭарнак Алхас Ҷолокәуа иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы ашьоура азҵаара алацәажәара аҭыԥ амамзароуп ҳәа. "Ацәгьоурақәа рзы ашьа зуша азакәан ауп", — иҳәеит иара.

Ауаажәларратә палата алахәыла Даниил Убириа иазгәеиҭеит апалатаҿ ишаԥҵахо аусутә гәыԥ ҷыда.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба - Sputnik Аҧсны
Гәажәба: абыргцәа ирҳәон Баграт ибаа ахьыҟаз ацҳагьы ыҟан ҳәа

"Акриминали амчратә структурақәеи еилаӡҩо иалагеит. Анаркоманиа ахьыҟам структура ыҟам. Ҳхы ҳацәыԥхашьартә ҳҟалеит", — иҳәеит иара.

Аиԥылараҟны иалахәымызт Абыргцәа Рхеилак. Абри аганахь ала еизаз ирҳәеит ажәытәан жәла-цыԥхьаӡа аӡәы-ҩыџьа  аиҳабацәа бзиақәа. Аҿар ззыӡырҩышаз шыҟаз.

Аԥсны Акоммунисттә партиа анапхгаҩы Лев Шамба иҳәеит атәылаҿ азакәан аус амур аҭагылазаашьа аԥсахра шамуа. Апарламент адепутат Валери Агрба иазгәеиҭеит  апроцессқәа ҭышәынзыртәалаша азинтә механизм шрыдыркылахьоу.

"Аус злоу иҳадаҳкыло азакәанқәа аус шыддырушоуп. Арахь иаҵанакуеит азинхьчаратә органқәа, апрокуратура, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа", — иҳәеит иара.

Адепутат игәаанагарала проблеманы иҟоу аидеологиа аҟамзаароуп.

Аиԥылараҟны иара убас иалацәажәон ауаажәларра реиҟәшарагьы.

"Изааӡарызеи ауахәамагьы еиҟәшахеит. Ирацәаҩуп Анцәа имаҵзуҩцәа акритика рызҭо, аха иҳамоу ҳамоуп. Ишыжәдыруа еиԥш асовет аамҭақәа раан аԥсуа нцәамаҵзуҩцәа ҳамамызт", — иҳәеит аб Игнати (Киут). 

Апартиа "Иаку Аԥсны" анапхгаҩы  Сергеи Шамба  аполитикатә система ахьҭышәынтәалам ауп апроблема зыхҟьо ҳәа ишьоит.

"Анагӡаратә мчра ахылаԥшра амҭакәа акоррупциеи ацәгьоурақәеи ҳзаԥырҟәҟәаауам. Аԥсыӡ хыла ишбаауеиԥш ауп араҟагьы. Ауаа ирбоит  иҟоу зегьы. Аӡәы ак илнадо, аҽаӡәы акгьы илнамдо иҟалаӡом. Ауаа иахьатәи анапхгара рыгәрагара рцәыӡит", — иҳәоит Шамба.

Сергеи Шамба иазгәеиҭеит Аԥсуа уахәама аԥшьгара алҵшәа аиур шалшо. Еизаз иазгәарҭеит асеиԥш аиԥыларақәа шхымԥадатәиу.

Ажәабжьқәа зегьы
0