АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ииуа ахԥатәи ахәыҷы изы аԥарашәара хацнаркит абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә Фонд "Азҳара" иҳәеит ахылаԥшратә хеилак алахәыла, Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба.
"Ҳара Афонд аԥаҳҵеит. Аӡбра инақәыршәаны аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ииуа ахԥатәи ахәыҷы изы ироураны иҟоуп шә-нызқьмааҭ аԥара. Сара исҭахуп абри анацәа зегьы идсырҳарц" — иҳәеит иара.
Абри адагьы есымза шықәсык аҩныҵҟа арҭ аҭаацәарақәа хԥа-хԥа нызқь мааҭ роулоит ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
Афонд аԥаразоужьра мҩаԥыргоит ашьаҭаркыҩцәа рлагалақәеи, ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи хатәгәаԥхарыла иҟарҵо алагалақәеи рыла.
Афонд ахылаԥшратә хеилак иалахәуп Апарламент аиҳабы, атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы, "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә ҿиареи рзы" ахантәаҩы, Аԥсны абыргцәа Рхеилак аиҳабы.