Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алхрақәа инарымаданы АИХ рахь ааԥхьара ҟанаҵеит

Анапаҵаҩра
Ажурналистцәа Реидгыла XII аизара ду ашьҭахь имҩаԥысит апрезидиум раԥхьатәи реилатәара.

АҞӘА,  23 янв – Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алхрақәа инарымаданы АИХ (СМИ) рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ажьырныҳәа 20 рзы, АИХ (СМИ) ажурналистцәеи аредакциақәеи рахь русура напхгагас иамазарац  алхраз азакәани  АИХ (СМИ) азы азакәани, ртәылауаҩра аҳаракыра аадырԥшларц, еилых ҟамҵакәа  аинформациатә лшара акандидатцәа зегьы ирзеихыршаларц.

Ааҧхьара аҿы иаҳәоит: 

“Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнаҧхгаҩцәа, аредакциатә коллективқәа! 

Ҳтәыла аҿы даара хадара злоу аполитикатә кампаниа – Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь адепутатцәа ралхра. Алхратә комиссиа Хада иҟанаҵаз адыррақәа инарықәыршәаны, аполитикатә партиақәа, ахабжьгаратә гәыҧқәа ашәҟәы рҭагалареи, адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылареи ажьырныҳәа 21, 2017 шықәса рзы ихацыркхоит. 

Ишдыру еиҧш, алхраанӡатәи акампаниа аетап хадақәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы агитациа аҟаҵара. Уи иаҵанакуа акырӡа ирацәоуп. 

Ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа русураҿы ишьақәырҕәҕәоу азакәанҧҵара иақәныҟәаларц, зыҩаӡара ҳараку ауаажәларратә хдырра, зегьы еиҟараны аинфорациатә лшарақәа рыҭара рылдыршарц азы ааҧхьара ҟаҳҵоит. Шәара алхратә кампаниа амҩаҧгараан, иаашәырҧшуа аобиективреи аиашареи, хәажәкырамза 12, 2017 шықәсазы алхыҩцәа алхрақәа рылахәхара арманшәалоит, атәылаҿы ибзиоу, иҕәҕәоу Апарламент ашьақәгылара иацхраауеит” ҳәа.

 Аилатәараан еицҿакрыла ажурналистцәа Реидгыла ихаҭыԥуаҩцәас иалырхит  Зураба Аргәыни Заира Ҵәыџьԥҳаи. Аидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ҳәа далхуп Владимир Аҳашба. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәоуп ахылаԥшра-ревизиатә комиссиеи амаӡаныҟәгарҭеи. Аилатәараҿ иалацәажәеит Аидгыла Аԥҟаԥҵәа аԥсахрақәа ралагаларазы  аредакциатә комиссиақәа аԥҵазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0