Иҭыжьуп ақыҭанхамҩатә каталог

© Sputnik / Томас ТхайцукИҭыжьуп ақыҭанхамҩатә каталог
Иҭыжьуп ақыҭанхамҩатә каталог - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зқьи бжаки рҟынӡа Аԥсны ақыҭанхамҩатә наплакқәа рыӡбахә ҳәоуп Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата иҭнажьыз акаталог аҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Атәыла ақыҭанхамҩатә наплакқәа ркаталог аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, ажьырныҳәа 23 рзы, Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палатаҿы. Абри атәы ааицҳаит Апалата аиҳабы Геннади Гагәлиа.

Урыс бызшәала атекст шәаԥхьар шәылшоит ара >>

"Ҳара ҳатрадициақәа ԥхьаҟагьы ирыцаҳҵалоит. Ииасыз ашықәс азы атуризм иазкыз акаталог ӡыраагеит. Сынтәатәи акаталог азаҳкит ақыҭанхамҩа аусхк. Ҳҳәынҭқарра шьаҭаны иазыҟоу ақыҭанхамҩоуп, анхаҩ иоуп. Ақыҭа аныҟамла иаҳцәыӡыр алшоит ҳбызшәа, ҳқьабызқәа, ҳҵасқәа", — иҳәоит Гагәлиа.

Иара иазгәеиҭеит анхаҩы иџьабаа ахә ишақәнагоу еиԥш ишшьалатәу.

"Ҳара зегьы шьаҭаны иаҳзыҟоу ақыҭоуп. Угәы унархьуеит иахьа ақыҭа ааныжьны зегьы ақалақь ахь рхы ахьдырхаз. Ҳара иҳалҳаршароуп ақалақь аҿы еиԥш ақыҭаҿгьы анхара маншәаланы иҟалартә еиԥш", — иҳәеит иара.

Геннади Гагәлиа иажәақәа рыла акаталог аҟны иануп 1700 рҟынӡа аҳәынҭқарратә наплакқәа реиԥш ахатә наплакқәагьы. Аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган аалыҵ ацәыргақәҵареи аҭиреи, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ртематикатә цәыргақәҵеи.

Ареспублика ақыҭанхамҩахь рлагалазы иалкаан анаплакыҩцәа. Урҭ аҳамҭақәа ранашьан.

Апалата алшарала акаталог инеиԥынкылан жә-шықәса иҭрыжьуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0