Sputnik, Сырма Ашәԥҳа.
1992 шықәсазы, аибашьра алагамҭазы, Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟаз Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба еиҳабыс дызмаз акомиссиа аԥҵан, Омар Беигәаа аԥсышәала иҟоу иусумҭақәа рҭыжьра аиҿкааразы. Усҟан иаԥшьган Ҭырқәтәылантәи Омар Беигәаа иусумҭақәа Аԥсныҟа раагара. Аԥсуа ҭҵааратә институт архив иаҭан. Шықәсқәак раԥхьа иара иусумҭақәа рҭыжьра азырхиара адиалектологиатә лабороториа аҟәша иадҵан. Уи аҟәша еиҳабыс даман Емма Кьылԥҳа.
"Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьра ҟалаанӡа, Владислав Григори-иԥа, ҳара директорс дҳаман. Адҵа ҳаиҭеит Омар Беигәаа иусумҭақәа рҭыжьра аԥсышәала азырхиара шәалага ҳәа. Аусумҭақәа аксерокс ахыхны, академик Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа даԥхьарц илгеит аҩныҟа. Убра ишыҟаз аибашьра иалагеит. Аибашьра ианалага ҳинститут рбылгәышьеит, арҭ аусумҭақәа алаблит ҳәа ҳгәы иаанагеит, аха Лидиа Платон-иԥҳа аиқәырхара лыллыршеит. Уи азы лара амыҟәмабарақәа рацәаны илхылгеит. Аибашьра иацәынхаз ишәҟәы ахаҭа иахьа ҳинститут иаиуӡомызт, хаҭала лара лнапаҿы иҟамызтгьы. Иусумҭақәагьы иара идоуҳа амч рыцны, Анцәа иџьшьаны еиқәхеит", —
Омар Беигәаа 90 шыкәса ихыҵуан Маҳинур Папааԥҳа дицырхырааны, Аԥсны аҭоурых иазкны ииҩыз аусумҭақәа аԥсшәахь ианеиҭеигаз. Ауадаҩрақәа хымԥада иҟан, ҳәа иазгәалҭеит аиҿцәажәараан Кьылԥҳа.
"Ҭырқәтәыла дыҟоума, Аԥсынтәыла дыҟоума, иахьатәи аԥхьаҩ инапаҿы инеирц азы алингвистикатә анализ аҟаҵара ҳҽазаҳшәеит. Убарҭқәа зегьы аҳәынҭқарратә етапқәа ирхысырц азы акомиссиа ҷыдақәа аԥҵан аибашьра аԥхьа, уи анаҩсгьы 2002 шықәса Омар Беигәаа иусумҭақәа аԥсышәала рҭыжьразы. Ҳарҭгьы 2004 шықәса раахижьҭеи абарҭ аусумҭақәа ҳнапаҿы иҟоуп. Омар Беигәаа дҵарауаҩ дуӡӡан, дпоетын, дҭоурыхҭҵааҩын, иара дзықәныҟәоз ихатә ԥҟарақәа иман. Иусумҭақәа иаартым Америка иаҳзаҩызоуп макьана. Аха, агәра ганы ҳаҟоуп уаҵәтәи аԥхьаҩ ишизыԥшу абарҭ аусумҭақәа. Уажәшьҭа ҳамҩашьахуа иаҳҳәарц ҳалшоит иусмҭақәа шкьыԥхьу, томла ашәҟәқәа рҭыжьра шалыршахо", — иацылҵон лара.
"Аԥсуа мифологиа" захьӡу Омар Беигәаа ишәҟәы хышәи бжаки даҟьа ыҟоуп, анапылаҩыра хәышәи бжаки. Ҳазареҭ Ибрагим "Аублааи Кавказиааи" ҳәа иҟоу ишәҟәы аҿыгҳара рацәак идуӡам, убригь аԥсшәахь иаҳзеиҭеигеит, ҳәа лҳәеит Кьылԥҳа.
"Зегь реиҳа узеигәырӷьаша иара иавтобиографиатә очерк. Ижәдыруеит иара иԥсҭазааратә мҩа акырӡа иҭбаан, идуӡӡан, Аԥсны агәыбылра акыр иагәылсуан, убри ҳдырырц ҳҭахын, аха уи азы аха сымам иҳәон есымша. Маҳинур Папааԥҳа илыллыршеит арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵартә еиԥш аусқәа реиҿкаара. Инапылаҩырақәа, исалам шәҟәқәа зегьы хазы аус рыдулара ҳаҿуп. Иҟалап хаз томны иҟаларгьы. Шәара ижәдыруеит аԥсышәала иҟоу иусумҭақәа рнаҩсгьы, ҭырқәшәала иҟоу иусумҭақәа шырацәоу. Урҭ зегьы еиҭагатәуп, аус рыдулатәуп.
Сара иахьа саӡәыкны, саԥсыуаны еилыскаауеит ҳҳәынҭқар дуӡӡа Владислав Арӡынба, Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Мураҭ Иаган, Омар Беигәаа иҵаҩы ҳәа зхы зыԥхьаӡо, Омар Беигәаа аԥхьа днаргыланы, Аԥсни аԥсуа жәлари рзы аџьабаа ду збахьо ишреиуоу. Дара иаԥсаҵәҟьаны "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ранашьоуп. Ҳара иаҳуалуп убри аҵакы иахьа аԥхьаҩ иҟынӡа ишахәҭоу анагара. Абарҭ аусумҭақәа рҟны иара изку ажәақәагьы ҟалоит, Шьалуа Денис-иԥа, Ӡиӡариа, Владимир Аҩӡба русумҭақәа ҳнапы злаку ашәҟәқәа иргәылалап ҳәа ҳақәгәыӷуеит аԥхьажәа ҳасабала, аҵыхәтәажәа ҳасабала. Анцәа ҳгәыхәтәы ҳахьигӡааит, алшара ҳаиҭааит!", — абас ихлыркәшеит лажәа Емма Кьылԥҳа.
Абызшәадырҩы, аԥсуа бызшәа аграмматикеи адиалектикеи рыспециалист Емма Қьаамын-иԥҳа Кьылба диит мшаԥы 17 1953 шықәсазы Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан.
Емма Кьылԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 22 2017 шықәсазы.