Гәылрыԥшьтәи ацех уахыки-ҽнаки рыла 600 рҟынӡа иашьык ҭнажьуеит

© Руслан Шамуков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апластик иалху аиашьыкқәа рҭыжьразы Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра 2016 шықәса абҵарамзазы иаахәаны ақыҭанхамҩатә наплакы "Софиа" ианаҭеит амыругақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апластик иалху аиашьыкқәа рҭыжьразы Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра 2016 шықәса абҵарамзазы иаахәаны ақыҭанхамҩатә наплакы "Софиа" ианаҭеит амыругақәа. Уажәы, уахыки-ҽнаки рыла Гәылрыԥшьтәи ацех иамоуп алшара 600 инареиҳаны аиашьыкқәа рҭыжьразы иҳәеит анаплакы адиректор Вахтанг Пачлиа. Иара иажәақәа рыла 2016 шықәса абҵарамзазы ихацыркхеит анаплакы аусура. Ашықәс анҵәамҭазы уи аусура аанкылан, избанзар амшцәгьақәа ирыхҟьаны ареспубликаҿы ацитрус шәырқәа реизгара аанкылан.

Урыс бызшәала атекст шәаԥхьар шәылшоит ара >>

"Абри абжьарала ҳара иҭҳажьит, иагьаҳҭиит 10 000 рҟынӡа иашьык. Амыругақәа ирылшоит минуҭк ахы-аҵыхәала иашьыкк аҭыжьра", — иҳәеит Пачлиа.

Вахтанг Ԥачлиа иҳәеит ацех аартра шалыршахаз Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраарала. Иара убасгьы иазгәеиҭеит дара ишрымоу алшара ацех аҟны егьырҭ ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи рзы атара аҭыжьразы. Адиректор иазгәеиҭеит аиашьыкқәа зекологиа бзиоу, ауаҩы иԥырхагам аӡа ишалырхуа. Иара урыстәылантәи Аԥсныҟа иааргоит.

Адиректор иажәақәа рыла апластик иалху атара маншәалоуп, ашықәс еиҳаны иннаҵуеит, ахәԥса акәзар амҿтәқәа рыхәԥса аасҭа еиҵоуп.

Анаплакы "Софиа" уаанӡа Илич ихьӡ зхыз цитрустә совнхаран. Асовет аамҭақәа рзы 200 рҟынӡа гектар аҵанакуан. Уажәы уи ахышәа-ҵышәа акыр еиҵоуп, аалыҵгьы иара убас.

Ажәабжьқәа зегьы
0