Трапизониан аерманцәа рхеилак анапхгаҩ изы: хышықәса азхартә иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАерманцәа рхеилак анапхгаҩ ҿыц Галуст Трапизониан
Аерманцәа рхеилак анапхгаҩ ҿыц Галуст Трапизониан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь адепутатцәа алхтәуп урҭ рԥышәеи рдырреи ирхьырԥшны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аерманцәа рхеилак анапхгаҩ ҿыц Галуст Трапизониан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аерманцәа рхеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит ахантәаҩы хышықәса ҿҳәарас иҭаны дшалырхуа.

"Сара сгәы иаанагоит хышықәса ҿҳәара бзиоуп ахаарԥшразы, иазхартә иҟоуп ҳәа. Ауаа ахантәаҩы иусура ргәаԥханы аҽа хышықәса унхароуп ҳәа аниарҳәо ауп аус маншәаланы ианыҟало", — иҳәеит Трапизониан.

Иара убасгьы ҳаԥхьа ишьҭо алхрақәа дрылацәажәо иҳәеит Апарламент ахьӡ-аԥсазы аҵакы шамоу ареспублика амилаҭқәа зегь рхаҭарнакцәа иара иалахәхар. Иара убри аан амилаҭра иахьырԥшымзароуп иалырхуа иԥышәеи идырреи. Ихадароу урҭ атәыла иазааргарц рылшо аизҳазыӷьароуп.

Иара иазгәеиҭеит аҿар аиҿкаара аусура хымԥада ишалаирхәуа.

Аерманцәа рхеилак анапхгаҩ ҿыц Галуст Трапизониан Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы атәанчарахьы ицахьо роуп ҳаиҿкаараҿ аус зуа. Иарахьы аҿар наԥхьатәуп. Урҭ ирыҭатәуп алшара ахаарԥшразы", — иҳәеит Трапизониан.

Галуст Трапизониан аԥсны жәлар рџьынџьтәалатә еибашьра далахәын, Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0