Аҳазалхратә еилахәыра: иаци иахьеи

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАԥсны Аҳазалхратә еилахәыра ахатәшәарҭадара аҟәша аиҳабы Зураб Конџьариа
Аԥсны Аҳазалхратә еилахәыра ахатәшәарҭадара аҟәша аиҳабы Зураб Конџьариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳазалхҩы имш аҽны Аԥсны Аҳазалхратә еилахәыра ахатәшәарҭадара аҟәша аиҳабы Зураб Конџьариа далацәажәеит аҟәша аусура атәы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

1991 шықәса цәыббра 27 рзы Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак иаднакылеит ақәҵара Аԥсны аҳазалхратә органқәа реиҿкааразы. 1994 шықәса рзы анапы аҵаҩын Адҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы еиҿкаазарц.

Зураб Конџьариа ишигәалаиршәо ала усҟантәи аамҭазы аҳазалхыҩцәа рнапы ианын Егры аӡиас инаваршәны аҳәаа ахьчарагьы.

"Сара аилак ахь усура ҳәа снеиит 1997 шықәса рзы. Убри аахыс абра аус зуеит. Сара занааҭла аҳазалхра сазааигәамызт, аха аусураан ҳҟазара аизырҳаразы аҽазыҟаҵарақәа рахь ҳрышьҭуан, латәарада хышықәсатәи аҵара соуит. Аилак ахь аԥхьа инеиз аибашьра зхызгаз аҷкәынцәа роуп. Иахьа аҭагылазаашьа ҳәарада аҽаԥсахны иҟоуп. Ирацәоуп аҿар", — иҳәеит Конџьариа.

1994 – 2011 шықәсқәа раан, аилак аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара анапы иананыз аамҭазы руалԥшьақәа рынагӡараан иҭахеит 21-ҩык аилак аусзуҩцәа.

Иахьазы Аҳазалхратә еилакы аҟны аус руеит 373-ҩык. Урҭ рҟынтәи 312-ҩык хацәоуп, 61-ҩык ҳәсоуп. Аҳәса еиҳарак рнапы злаку адокументқәа аус рыдулароуп, астатистика амҩаԥгароуп.

Аилак ахь усураҳәа инеиуа рганахь ала имҩаԥыргоит агәаҭара ҷыда. "Ииасыз ашықәс азы мацара 60-ҩык мап ҳәа раҳҳәеит. Амзызқәа еиуеиԥшымызт", — иҳәоит иара.

Зураб Конџьариа иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы аилак техникала еиқәыршәоуп ишахәҭоу еиԥш, аусзуҩцәа ракәзаргьы иахәҭоу аҩаӡара рыманы иҟоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0