АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ахҳәаа азиуит Гал араион ауааԥсыра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Набакиа" аркразы еиҿыркааз аҿагыларатә акциа. Ҳкорреспондент диҿцәажәо Кьылба иҳәеит Гал араион ауааԥсыра рыхәҭак Аԥсны иатәылауаамшәа рхы мҩаԥыргоит ҳәа.
120-ҩык рҟынӡа Гал араион ауааԥсыра, ажьырныҳәа 25 рзы рхы аладырхәит аушьҭырҭатә пункт "Набакиа" аркра иадҳәаланы ззин ыҟамыз аҿагыларатә акциа. Еизаз ацентртә мҩа ааныркылеит, автотранспорт аныҟәара аангылеит. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь еимпит.
Муҳамед Кьылба иажәақәа рыла аԥсуа паспортқәа змамкәа Аԥсны инхо ауаа ртәылауаҩра астатус шьақәыргылатәуп.
"Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Аҳәара ҟасҵоит азиншьаҭала рхы мҩаԥыргаларц. Ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы Аԥсны Аконституциа ишаҳәо ала рҭыԥ иқәҵалатәуп", — иҳәеит Кьылба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаҩра змам Гал араион ауааԥсыра ирылшоит аҳәаа иахысны, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргаларц ҳәа.
Кьылба иара убасгьы иҳәеит Гал араион аҟынтәи ахҭысқәа зыхҟьаз иааҳҭаххар ҳаизо ҳахьалагаз, уи азин ҳамоушәа ҳахьыҟалаз ауп ҳәа.
"Ҵаҵӷәы амамкәеи аҵаҵӷәы амани иааҳгәаԥхар ҳаизо ҳалагеит. Иҟалап галаагьы Гагреи Аҟәеи аизара ҟалозар ҳара ҳзымеизари ҳәа ргәы иаанагазар", — иҳәеит иара.
Кьылба иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аусқәа хымԥада иаԥырҟәҟәаалатәуп ҳәа.