Аҳҭнықалақь Ахадара: атротуарқәа ррыцқьара нап аркхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа апресс-конференциаҟны ирзааҭгылеит асоура ахҟьа-ԥҟьақәа.
Аҟәа ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа апресс-конференциаҟны ирзааҭгылеит асоура ахҟьа-ԥҟьақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа апресс-конференциаҟны ирзааҭгылеит асоура ахҟьа-ԥҟьақәа.

АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа апрес-конференциаҟны иҳәеит иахьазы проблеманы иҟоу атротуарқәа ррыцқьара шакәу.

"Иуҳәар ауеит ушьҭа с-дук аурым ҳәа. Иара ахҟьа-ԥҟьақәагьы реиҳарак аԥыхуп, иаанханы иҟоу атротуарқәа ррыцқьароуп. Иҟоу амчрақәа рыла уи аус иаарласны аҭыԥ иқәаҳҵап ҳәа агәаанагара ҳамоуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Кәарҷиа иажәақәа рыла амшцәгьақәа раан акоммуналтә маҵзурақәа рылшарақәа зегьы еидҵаны аус руан.

"Аоперативтә штаб аусура еиҿкаауп. Уаанӡатәи аамҭақәа раантәи ҳԥышәа уажә ахархәара аҳҭеит. Ҳусзуҩцәа зегьы рнапынҵақәа рдыруан. Зегьы ишахәҭаз еиԥш иҟан ҳәа ҳзымҳәозаргьы апроблемақәа ишалшоз ала иԥкын", — иҳәеит иара.

Апресс-конференциаҟны Аҟәа Акоммуналтә маҵзура аиҳабы Дмитри Аҳәба иазгәеиҭеит амҩатә машәырқәа иахьынӡалшоз рыԥкра.

Ҳаџьымба асы арыцқьара дырццакырц адҵа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба асы арыцқьара дырццакырц адҵа ҟаиҵеит

"Амашьынарныҟәцаҩцәагьы еиҳа ашьшьыҳәа иныҟәон. Асеиԥш амш азы аныҟәара зцәыуадаҩыз зынӡа амҩахь иҭыҵуамызт. Уи аҭагылазаашьаз акыр ихәарҭахеит. Анцәа иџьшьаны машәыр ҳәа акгьы ҟамлеит", — иҳәеит Аҳәба.

Леон Кәарҷиа иҳәеит ахаша, шьыжьы инаркны атроллеибусқәа аныҟәара ишалагаз. Аусура иалагеит ауаажәларратә транспорт зегьы. Аҵлақәеи аҵиаақәеи ракәзар, аӡынра алагамҭаз урҭ зегьы еилырххьан. Иуашәшәыран иҟаз амахәқәа карҿахьан. Убри азы икаҳаз аҵлақәа хәба раҟара акәхеит ҳәа.

Ақалақь Ахадара агроном хада Гоча Џьинџьолиа ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит ахьҭа иацәшәо апальмақәа шракәу, егьырҭ аҵлақәа аӡын ицәгьамкәа иӷыҵысуеит ҳәа.

"Ахьҭа иацәшәо апальмақәа роуп, егьырҭ шамахамзар аҵаа иацәшәо, ирԥырхаганы иҟма. Апальмақәа ракәзар заанаҵ асанитартә каҿара рзаауеит", — иҳәеит иара.

Апресс-конференциаҟны амаҵзура ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит ақалақь ауааԥсыра ацхыраара рырҭарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0