Хьыбба: араионқәа рҟны анаплакыҩцәа ирыздырам алицензиаҭара ҳшалагаз

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Хаз иго усура хкқәак алицензиа рыҭаразы" азақәан амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы.
Хаз иго усура хкқәак алицензиа рыҭаразы азақәан амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Хаз иго усура хкқәак алицензиа рыҭаразы" азақәан амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы.

АҞӘА, жщабран 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ареспублика анаплакыҩцәа зегьы ирыздырам хаз иго усура хкқәак рганахьала алицензиаҭара ҳшалагаз иҳәеит Аекономика аминистрра алицензиаҟаҵара аҟәша аиҳабы Изеҭ Хьыбба.

"Ареспублика анаплакыҩцәа зегьы ирыздырам хаз иго усура хкқәак рганахьала алицензиаҭара ҳшалагаз. Аиҳарак урҭ араионқәа рҟынтәи анаплакыҩцәа роуп. Аинформациа рымам. ОБЕП, ашәахтә маҵзура реиԥш иҟоу аиҿкаарақәа анаплакыҩцәа ирырҭароуп аинформациа иҟоу аҭагылазаашьазы. Анаплакыҩцәа алицензиа аиуразы иҳадҵаалароуп", — иҳәеит Хьыбба.

Аекономика аминистрра алицензиаҟаҵара аҟәша аиҳабы Изеҭ Хьыбба иажәақәа рыла азакәан аҟны еиқәыԥхьаӡоуп 34 усхкы. Урҭ еихшоуп анагӡаратә мчқәа рыбжьара. Иаҳҳәап Аекономика аминистра иадҵоуп анаплакытә усурақәа быжьба алицензиа рыҭара.

Хьыбба иазгәеиҭеит анаплакҩы аԥҟаԥҵәатә документқәа дара рахь инеигар шакәу, егьи, иаҭахны иҟоу аинформациа аизгара ахахьы иагоит Аекономика аминистрра ҳәа.

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит анаплакытә усура асубиектқәа алицензиа роур шакәу дырдырра. Абри азакәан азы ихымԥадатәиу анорматив-зинтә актқәа зегь еиқәыршәоуп, алицензиаз иахәҭоу зегьы шьақәыргылоуп. Ҳара урҭ азҳархиеи "ҿхышәк" апринцип ала", — иҳәеит иара.

"Хаз иго усура хкқәак алицензиа рыҭаразы" азақәан амчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0