Апартиақәеи алхрақәеи

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатә партиақәеи ахаԥшьгаратә гәыԥқәеи алхрақәа рыҽшазыҟарҵо атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Иахьа Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп 10 партиак. 240 нызқьҩык ахьықәынхо ҳара ҳтәылазы иаарацәоума угәахәратәы иҟоуп. Арацәара еснагь ахаҭабзиара унаҭома? Рхы шԥаадырԥшуеи ҳпартиақәа алхрақәа раамҭазы?

Апартиақәа рхыԥхьаӡара маҷымзаргьы, апрофессиналтә политика ахьысҳарақәа шамоу лабҿаба иаабоит. Ҳазҭагыло аамҭазы имҩаԥысуа алхратә компаниа иацклаԥшуа игәеимҭарц залшом, адепутатрахь акандидатцәа Ацентртә алхратә комиссиаҿы ашәҟәы иҭазгало еиҳарак ахаԥшьгаратә гәыԥқәа шракәу.

Ажьырныҳәа 21 инаркны иахьанӡа алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 111 инеиҳаны ахаԥшьгаратә гәыԥ, апартиақәа ракәзар, макьаназы хԥа роуп зыҽҭазгалаз: "Аинар", "Амцахара", "Аиашареи аҿиареи рзы Жәлар рыфронт". Апартиақәа "Форум", "Аԥсны", "Аԥсны акзаара" ракәзар аизарақәа мҩаԥганы акандидатцәа шықәдмыргыло рҳәахьеит.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

"Ахаԥшьгаратә гәыԥқәа рыла иқәгыло ҳрыдгылоит", ҳәа азгәарҭоит дара. Уаанӡатәи алхратә закәан инақәыршәаны апартиақәа азин рыман 11-ҩык рҟынӡа акандидатцәа рықәыргылара. Аха, аполитикцәа апартиақәа рылшарақәа шышьҭыхтәу, ишырӷәӷәатәу ҳәа акырынтә ишьҭырхуаз азҵаатәқәа хшыҩзышьҭра рызуны, алхаратә закәан аԥсахрақәа алагалан. Иаҳхысыз ашыкәс ҽаҩраҭагалан ахыркәшамҭазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Апарламент ашҟа инеишьҭыз ажәалагалақәа инарықәыршәаны, абжьы аҭан Аԥсны иҟоу апартиақәа алхратә ҭыԥ хадақәа зегь рҿы акандидатцәа рықәыргыларазы азин рымазарц.

Ари реалтәхарц азы, хымԥада апартиақәа ӷәӷәазароуп, апрофессионалтә политика иазҟазоу ауаа рымазароуп. Ареалтә ԥсҭазаара аблақәа рыла ҳахәаԥшуазар, иахьа иҳамоу апартиақәа рымчқәа уиаҟара иӷәӷәам, иалоу ауаа рхыԥхьаӡарагьы ашәҟәы ишану еиԥш иҟам. Ари агәаанагара шьақәнарӷәӷәар алшоит, апартиақәа алхратә тыԥ хадақәа зегь рҿы иқәдыргыло акандидатцәа ахьрымами, азакәан ирнаҭаз алшара анагӡара ахьрылымшои.  

Иаҳхысыз ашықәс ҽаҩраҭагалантәи апарламенттә сезон аҿы еилаԥсо (апропорционалтә –амажоритартә) системахь аиасразы апрезидент апарламент ашҟа инеишьҭыз аконституциатә закәан аԥсахра алагаларазы апроект адгылара амоуит. Еилаԥсо аситема иадгылоз аполитик Сергеи Шамба "Абхазинформ" аниҿцәажәоз иазгәеиҭеит "апартиатә сиақәа рыла алхрақәа рымҩаԥгара алшара шыҟанаҵо Аԥсны аполитикатә система арӷәӷәаразы". 

Аҵыхәтәантәи апарламенттә еиҭакрақәа зегь акоуп апартиақәа алшара рнаҭоит партиатә сиала акәымзаргьы 35-ҩык акандидатацәа рықәыргылара. Аха, макьаназы апартиақәа азакәан ирнаҭаз алшара ишақәнагаз рхы иадырхәоит узҳәом. Партиатә сиала алхрақәа рымҩаԥагара иадгыло "Жәлар рпартиа" ахаҭарнак, аполитик Иури Кәыҵниа ари азҵаатәы аҭак ҟаҵо Аԥсуа телехәаԥшраҿы данцәажәоз иҳәеит "Апартиа аԥара шамам   акандидатцәа рыкәыргыларазы". Аполитик ишиҳәо ала, рпартиа "аӡәгьы дықәнаргылом". 

Иаҳҳәап, еилаԥсо аситемахь ииасыр, апартиақәа апрофессионалтә политикцәа-акандидатцәа абантәаарго, насгьы, алхратә копманиа амҩаԥгаразы иахьа кандидатк изы аԥара змам нас иабарыԥшаауеи?

Имаҷҩым иазгәазҭо, иахьатәи апартиақәа ридеиақәеи, рыпрограммақәеи рыла еиԥшымзаара дук шрымам. Излеиԥшым, еиҳарак, атәыла ахада идгылоу, идымгылоу алоуп. Иахьатәи алхҩы макьаназы ибжьы иҭиуеит хаҭала акандидат изы, иҟоуп уалаҭахыла зыбжьы зҭиуа, иҟоуп абри дхәарҭоуп ҳәа агәра ганы адгылара ҟазҵо, иара убас, иахәаԥшуеит, амчра датәу, аоппозициа датәу ҳәа. Шамахамзар, Апарламент ашҟа анеира рцәыуадаҩуп, партиак иатәым, хаҭалатәи аполитика иаҿу ауаа.

Алкаақәа ҟаҳҵозар, макьаназы Аԥсны инхо алхыҩцәа апартиақәа русура иаԥшны рыбжьы рҭиуа иҟам, убри аҟынтә, иахьатәи асистема еиҳа иманшәалоуп абжьаҭаразы. Партиатә сиала абжьаҭара, уи гәынхәҵысҭалатәи бжьыҭироуп, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, ҳпартиақәа макьана ашьақәгыларатә аамҭа иануп, ԥхьаҟа рхыԥьаӡара еиҵаны, ридеиақәеи рыпрограммақәеи гәылҭәааны иҟалар, усҟан, хымԥада алхҩы апартиақәа еиҩидыраауа дҟалар алшоит.

Абарҭқәа рышьҭахь ауп  алхҩы ибжьы зиҭо иарбан партиоу аилкаара анизымариахо. Макьаназы, ауаа алаф рҳәоит абас "Аԥсны иқәынхо рхыԥхьаӡара апартиақәа ҳамоуп" ҳәа.

Сынтәатәи алхрақәа акандидатцәа рырацәара шацу еиԥш, иацуп алхҩы игәкаҳарагьы, игәыԥҵәарагьы. Акандидатцәа рықәыргыларазы алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгаразы иныҟәо, алхыҩцәа рышә анырзаадмыртуа ыҟоуп. Алхрақәа ҳхы рылаҳархәуам ҳәа азгәазҭо маҷҩым асоциалтә каҭақәа рҿгьы.

Феисбук аҿы иаԥҵоу агәԥ "Аҳәатәы" — алхрақәа шәхы рылашәырхәуама хәа, иқәнаргылаз азҵаатәы рыбжьы ақәдыргеит 70-ҩык. Урҭ рахьтә 20-ҩык мап рҳәеит, 14-ҩык ҳхәыцуеит, 4-ҩык иқәгыло дзеиԥшро еиԥш, 23-ҩык алхрақәа рахь ицоит. Ари аҭҵаара дуумзаргьы, иубоит 70-ҩык рҟынтә иааихҵәаны алхрақәа зхы рылархәра иақәшаҳаҭу 23-ҩык шракәу. Иҵаҵӷәыдамзар акәхап, алхҩы имҩаԥысуа аполитикатә процесс хырҩа азура ахьиҭаху….

Автори аредакцие ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0