Валериа Адлеиаԥҳа,"Ты супер!"

© Sputnik / Илона ХварцкияВалериа Адлеиаԥҳа
Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НТВ ателеканал аҟны иалагеит ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" аԥсны ахьӡала аиндаҭлара далахәуп жәеиза шықәса зхыҵуа Валериа Адлеиаԥҳа.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" иаԥхьанеиуаз алхрақәа реихшьаалала НТВ ателешоу ҿыц Аԥсны ахьӡала далахәхоит Валериа Адлеиаԥҳа. Sputnik ари аиндаҭлара информациатә партниорк аҳасабала иқәгылоит. Валериа лҟазара аалырԥшыр акәхоит шәҩыла, зықьҩыла ателехәаԥшцәа рҿаԥхьеиԥш апрофессионалтә жиури аҿаԥхьагьы. Ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа аус рыдырулоит иреиӷьӡоу арҵаҩцәеи апродиусорцәеи.

Очамчыра ииз, иааӡаз Валериа Адлеиаԥҳа 8 шықәса анылхыҵуаз инаркны ашәаҳәара, акәашара лнапы рылакуп. Лрепертуар иалоуп аԥсуеи аурыси ашәақәа реиԥш адунеи амузыка ашәаҳәаҩцәа ррепертуар аҟынтәи арҿиамҭақәагьы.

Реиҳа бзиа илбо ашәаны иҟоуп "My Heart Will Go On", Селин Дион акинофильм "Титаник" аҟны иналыгӡо ашәа. "Баԥхьаҟазы ибҭахузеи, бгәы зҳәозеи?" ҳәа азҵаара аҭакс лара илҳәоит биологиа бзиа ишылбо, дырҵаҩхаргьы шџьалымшьо.

Валериа лзы акыр ргәы хыҭхыҭуеит лыуацәа лҭынхацәа, аиҳаракгьы ԥшьышықәса зхыҵуа лашьа хәыҷы.

Валериа лзы ари аиндаҭлара лыԥсҭазаараҿы ираԥхьатәиуп, аха даара шәарак лыманы дыҟам.

"Сара сшәаӡом. Издыруеит асцена ду шысзыԥшу, сыхәаԥшыҩцәа шырацәоу, аха, мап, сшәаӡом", — лҳәоит лара.

– Асцена дуқәа рҿы бықәгылахьома? – лҭынчра оумашәа ибаны сҵаауеит.

– Ибзианы исгәалашәоит Очамчыратәи Акультура Ахан аҟны сықәгылара. Ольга Кормухина лашәа "Путь" насыгӡон – лҳәеит Валериа.

– Зегь раасҭа гәаҳәаран ибымоузеи?

– Даара исҭахуп Хьыбла Гьерзмааԥҳа ашәа лыцысҳәарц. Иара убасгьы Евровидение санахәаԥшуа сгәы сыхьуеит, избан Аԥсны залахәым ҳәа.

– Бара ибылшарызу Евровидение аҟны Аԥсны ахьӡала ақәгылара?

– Ааи, — деиҵамхакәа аҭак ҟалҵеит Валериа.

Адель лашәа "Rolling in the deep" – хәышықәса зхыҵуаз Валериа раԥхьатәи лынагӡамҭоуп, ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Валериа лан Мадина Ешԥҳа.

"Сара исгәаԥхоит сыԥҳа иҟалҵо. Лара аҩноума ашкол аҿы ауп ҷыдала амузыка лҽазыҟалҵаӡом. Анотақәагьы лыздырӡом, аха ашәаҳәареи акәашареи шлықәҿио аабоит азы иаҳҭахуп амузыкатә ҵара лоурц", — лҳәоит ан.

Валериа актәи акласс аҟынтәи ашәа лҳәоит, дагьыкәашоит ансамбль аҿы (уи хьӡыс иарҭаша "Позитивчики" мамзаргьы "Звездочки" акәу макьаназ иалрымхыцт). Агәыԥ амузыкатә напхгаҩы Лика Ҵәыџьԥҳа илҳәоит:

"Ҳхәыҷқәа зегьы аҟыбаҩ рылоуп, аха Лера зегьы дрылукаауеит. Дшыхәыҷугьы ахәаԥшцәа роума, амикрафон ма асцена аума дрыцәшәаӡом", ҳәа.

Авокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса алагамҭазы. Аинформациатә маҵзура Sputnik ари аиндаҭлара информациатә партниорк аҳасабала иқәгылоит.

Амаҵзура аофициалтә аккаунтқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны иҟанаҵоит алшара изҭаху зегьы иргәаԥхаз ашәаҳәаҩ изы рыбжьы рҭиртә еиԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0