00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Шьалашьаа: аректор Кәарҷиа Аԥсны итрадициатәу агрокультурақәа дрыдгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Валери Андреи–иԥа Кәарҷиа
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Валери Андреи–иԥа Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
70 шықәса ихыҵит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Валери Андреи–иԥа Кәарҷиа. Аиубилиар аҿар рааӡареи, аҭҵаарадырреи русхкқәа рҿи иааԥсарақәа рзы, атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапы ӡҵаиҩыз аусԥҟала ианашьоуп "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра усзуҩы" ҳәа ахьыӡ.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Валери Кәарҷиа Аԥсны аекономикатә наукақәа рахь илагалақәа иреиҳаны иҟоуп аграртә економика аҭҵаара иҳәеит аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Заур Шьалашьаа.

"Иахьазы Аԥсны реиҳа иактуалны иҟоу аграртә економикоуп. Кәарҷиа иазиԥхьаӡоит атрадициатә культурақәа: ачаиааӡара, аҭаҭынаарыхра, ахәшатә ҵиаақәа рааӡара хымԥада еиқәырхатәуп ҳәа. Урҭ асовет аамҭақәа раан иалдыршон аекономика қәҿиарала арҿиара. Аԥсны иахәҭоу аҳауатә ҭагылазаашьақәа зегьы ыҟоупурҭ акультурақәа рырҿиаразы" — иҳәеит Шьалашьаа.

Иара иажәақәа рыла Кәарҷиа иазиԥхьаӡоит атрадициатә культурақәа, ацитрус шәырқәагьы абрахь иналаҵаны, хымԥада нап рыдкылатәуп ҳәа.

"Ацитрус плантациақәа еиҭашьақәыргылатәуп. Урҭ реиҳарак ажәит. Уи адагьы Аԥсны азы хра рымоуп ауҭраҭыхаарыхра, арахәааӡара аусхкқәа. Абарҭ зегьы Кәарҷиа дрыхцәажәеит "Стратегиа социально-экономического развития Абхазии до 2025 года аззырхиоз агәыԥ иадигалаз ажәадгалаҿы", — иҳәеит Шьалашьаа.

Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Валери Андреи–иԥа Кәарҷиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Валери Кәарҷиа диит жәабран 7 1947 шықәса рзы. Аекономикатә наукақәа дыркандидатуп, "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара аорден ианашьоуп. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далахәылоуп 1991 шықәса раахыс.

1998 шықәса раахыс Аҟәатәи Иаарту аинститут аректорс дыҟоуп. 120 инареиҳаны наукатә усумҭа дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0