00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭаниа: Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа хәҩык МГИМО аҭалара рылшоит

© Sputnik / В. Чистяков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМГИМО. Архивтә фото
МГИМО. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса жәабран 6 инаркны хәажәкыра 3 рҟынӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥгахоит МГИМО аҭалара зҭаху Аԥсны атәылауаа рдокументқәа рыдкылара.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 2017 шықәса жәабран 6 инаркны хәажәкыра 3 рҟынӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥгахоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭу алимитқәа инарықәыршәаны МГИМО аҭалара зҭаху Аԥсны атәылауаа рдокументқәа рыдкылара. Абри атәы ҳзааицҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

Абитуриентцәа арзаҳал рыҩуеит иалырхыз афакультет арбаны, Аԥсны атәылауаҩрашәҟәи Урыстәыла аҳәаанхыҵтәи атәылауаҩратәшәҟәи рыхкьыԥхьаақәеи аҵарашықәс актәи азыбжазтәи ахәшьарақәа ахьарбоу адырранҵеи рымазароуп.

Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза анҵәамҭеи лаҵарамза алагамҭеи рзы. Амедалистцәеи аолимпиадақәа рҟны аԥхьахәқәа занашьоуи рзы ԥыжәара ҟалом.

"Абитуриентцәа ироуеит еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥышәара аҭираан. Аԥҟаррақәа аҭаацәа алархәны иреилҳаркаауеит", — иҳәеит Ҭаниа.

2009 шықәса раахыс Аԥснынтәи МГИМО иҭалахьеит 41-ҩык. Кан Ҭаниа иажәақәа рыла ирацәаҩуп абакалавриат иалганы амагистратураҿ аҵара зҵо, аспирантура иҭо.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит МГИМО аҭалара зҭаху еснагь ишырацәаҩу. Ҵыԥх иҟан 12 –ҩык, ҵыԥхцәа 16 –ҩык ари аҵараиурҭа аҭалара зҭахыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0