Жәабран 8 рзы ақалақь аҟны аӡы ҟалаӡом

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәабран 8 рзы ақалақь аҟны аӡы ҟалаӡом
Жәабран 8 рзы ақалақь аҟны аӡы ҟалаӡом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Март 4 амҩаҟны аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 8 рзы.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәабран 8 рзы асааҭ 00:00 инаркны 18:00 сааҭ рҟынӡа ақалақь аҟны аӡыржәтә аиура аанкылахоит. Абри атәы аанацҳауеит Амуниципалтә унитартә наплакы "Аӡыканал".

Март 4 амҩаҟны аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 8 рзы убри инадҳәаланы жәабран 8 рзы асааҭ 00:00 инаркны 18:00 сааҭ рҟынӡа ақалақь аҟны аӡыржәтә аиура аанкылахоит.

"Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб иазгәеиҭеит:

"Аӡоужьра заанкылахо "Аӡыканал" иахҟьаны акәӡам. Аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы атендер иаиааиз афирма уаанӡа абри амҩаҿ ишьҭаз атрубақәа ԥхасҭанатәит. Атрубақәагьы рықәра 70 шықәса рҟынӡа инаӡон, иажәхьан. Атруба ҿыц уаҵәы ишьҭарҵараны иҟоуп", — иҳәеит Анқәаб.

Иҳаҩсыз ахәашазы анасостә станциаҿ имҩаԥысуаз аусурақәа ирхырҟьаны аӡы ыҟамызт.

"Асоура ашьҭахь аҵаақәа аныҟала урҭ ззымычҳаз амыругақәа ҟалеит", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0