Ақьаад ианхалаз азакәан

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан аус ахьынӡауеи, аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьеи дырзааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.

"Ибжьаӡуа абызшәақәа" — ҳәа аинтернет азҵаатәы аҳҭар, иаразнак аҭак ҳауеит ИУНЕСКО иԥсуа абызшәақәа рахь аԥсуа бызшәа аханаԥхьаӡалеит ҳәа. Здемографиатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩу аԥсуа милаҭ ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳхатәы бызшәа аиқәырхара азҵаатәгьы.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, хыԥхьаӡарала акыр иҳеиҳаз амилаҭ ҳариааины ҳтәыла ахьыԥшымра азаагара ҳалшазаргьы, абызшәатә политика ашьҭыхразы акыр ахьысҳара ҳныԥшуеит иахьа уажәраанӡа. Ҳара ҳҿы акәымзар, шамаха иуԥылом ани аби рхаҭа ахатәы бызшәа рдырны, рыхшара идыдмырҵо иахьыҟоу. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аԥсуаа иахьа ҳбызшәа ҳзымыхьчо иҟалеит. Иаԥырхагада ҳәа азҵаатәы ҟаҳҵозар — аӡәгьы.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Иобиективтәу амзызқәа ыҟазаргьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы иаҳпырхагазар ҟалоит илаҟәу ахдырра. Ахдырра анхьысҳау, аҳәынҭқарра азакәанқәа арӷәӷәароуп, мамзар, Аԥсны хатәы бызшәа змам ҳәынҭқарраны иаанхар алшоит. Абызшәа аныӡ, иӡуеит амиалаҭтә хдыррагьы. Абарҭқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, абҵара 14, 2007 шықәсазы Жәлар реизара иаднакылеит "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан". Анаҩс, уи инапы аҵеиҩит усҟан Аԥсны ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь. Абар жәашықәса ҵуеит азакәан ҭыҵижьҭеи, аха уи анагӡашьа угәы еихьнамшьуазар, ишьҭнахуа иҟам.

Уажәы имҩаԥысуа Жәлар реизарахь адепутатцәа ралхра аамҭазы, абызшәазы азакәан ҳҿаԥхьа иаагылоит. Идыруазар аума адепутат аҳәынҭқарратә бызшәа? "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" 2-тәи ахәҭаҷ иаҳәоит "анапхгартә ҭыԥқәа аанызкыло, иара убас, Жәлар реизара адепутатцәа ирдыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа" ҳәа. Азакәан ари ахәҭаҷ аусура иалагеит 2015 шықәсазы. Раԥхьаӡа акәны Жәлар реизара адепутатрахь акандидатцәа рҿаԥхьа иаацәырҵуеит аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы аԥынгыла. Уи ззымдыркәан уахь анеира згәы иҭазкыз аканидат, азакәан дахыԥарц игәы иҭоуп ауп иаанаго. 

Аҳәынҭқарратә бызшәа адырра шахәҭоу инадҳәаланы азҵаатәы анцәырҵлак, асоциалтә даҟьақәа рхархәаҩцәа "абызшәа адырра мацара акраанагоума, иззымдыруа еиҳа дҟәышзар амуеи" ҳәа ахьаршшаара иалаго маҷҩым. Аха, адепутат аҳәынҭқарратә абызшәа идырроуп ҳәа азакәан ианызар, ус анакәха, алхҩы алшара имоуп — иззымдыруа, азакәан заҩзыжьырц зҭаху акандидат ибжьы иимҭар. 

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба абри азҵаатәазы ҳаниацәажәоз иааихҵәаны аҭак ҟаиҵеит "Хымԥада адепутат абызшәа идырроуп" ҳәа. Иара убас, аминистр иҳаиҳәеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иаԥсыуам ашколқәа зегь рыҿгьы аҩбатәи акласс инаркны, ахыркәшаратә класс аҟынӡа ишырҵо аԥсуа бызшәа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

176 школ ахьыҟо, рҵаҩык шықәсык 150 нызқь рҟынӡа изыԥҵәазар, школцыԥхьаӡа хҩык, ԥшьҩык аԥсуа бызшәа дзырҵо ыҟазар, аҳәынҭқарра абызшәа арҵаразы иамоу ахарџь маҷым. "Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы ари азакәан еилоугар ҟалом, нас ҳара ҳҿы ари аилагара залыршахарызеи?", абас зҵаарала иажәа хиркәшеит аминистр. Адепутат аҳәынҭқарратә бызшәа шидыруа ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар реизара адепутатцәа ралхразы азакәан аҿы ҷыдала акгьы арбам.

Акандидат абызшәа идыруоу изымдыруоу ааԥшыр ауеит, ишиашоу телехәаԥшрала ицо акандидатцәа зегь злахәхо адырраҭара иҽалаирхәыр. Иахьа алхҩы инапы иануп, ҳәынҭқарратә бызшәала ицәажәо, аҵара змоу, азакәанԥҵара напынҵас измоу адепутат иалхра. Аус зло, алхҩы уи ихы ишаирхәо ауп. Ари азҵаатәы азы алхҩы ибла анхиҩа, ҳаԥхьаҟатәи Жәлар реизара тәым бызшәала мацара ицәажәо иаанхар алшоит.

Ҳазлацәажәо азакәан ахәҭаҷ азын апоет Денис Чачхалиа игәаанагара абас иҟоуп: "Азакәан зегьы рзы изакәануп, адепутат ихаҭагьы уи дацныҟәозароуп. Ари хәмаргаӡам, ари ҳәынҭқарратә бызшәоуп. Уи ҳаҭырла иазныҟәо, иныҟәызго роуп аԥыжәара заҳҭаша алхрақәа раангьы, амаҵурақәа реихшара аангьы. Ус ианыҟамла Кьыршьал Чачхалиа ишиҳәаз еиԥш "Азакәан иҭарҵеит амакәан" алҵыр алшоит".

2014 шықәсазы имҩаԥысуаз апрезиденттә алхрақәа ртәы ҳҳәозар, апрезидентрахь хәҩык акандидатцәа иқәгылаз рҟынтә, руаӡәы Беслан Ешба аҳәынҭқарратә бызшәазы Ацентртә алхаратә комиссиаҿы аԥышәара дзахымсӡеит. Убри иахҟьаны, аполитик нанҳәамзазы имҩаԥысыз апрезиденттә алхрақәа дрылахәымызт. Ахәынҭқарра ахада даналаҳхуа, абазшәазы азакәан ҳарџьбарозар, Жәлар реизара адепутатцәа рганахь ари хырҩа зазаҳурызеи? Апарламент закәанԥҵаратә мчуп, ус анакәха, амчра ахаҭа азакәанқәа ишақәнагоу рынагӡара ауалуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0