Енвер Ажьиба агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕнвер Ажьиба агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас дҟаҵоуп
Енвер Ажьиба агазеҭ Аԥсны аредактор хадас дҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, жәабран 8 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, жәабран 8 рзы Енвер Ажьиба агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас дҟаҵоуп. Уаанӡа агазеҭ аредактор хадас иҟаз Владимир Қапба ихатәгәаԥхарала арзаҳал ҩны иҭыԥ аанижьит.

"Владимир Қапба — зус бзианы издыруаз профессионалын. Акраамҭа аԥсуа журналистика инапы алакын. Иусуразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", — иҳәеит Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

Енвер Ажьиба Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Дфилологуп. Аус иуан Аҟәатәи атипографиаҿы, агазеҭ цех аҟны, Аԥсуа теле-радио-еилахәыра аҟны корреспондентс, Аԥсны аминистррақәа реилазаара иатәыз Аполиграфиеи, ашәҟәҭыжьырҭеи ашәҟәыҭирҭеи Русбарҭа аредактор хадас дыҟан.

1990 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ажурнал "Амцабз" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп, агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредактор хада дихаҭыԥуаҩуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп.

Жәаҩа шәҟәы дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0