АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Амра Амҷыԥҳа. "Амшынеиқәафымцамч" иҟалар зылшо аҳауатә ҭагылазаашьа иақәшәо аҽырхианы иҟоуп, ҳәа аанацҳауеит аунитартә наплакы ахатәы саит аҟны.
Анаплакы ауааԥсыра ирыланаҳәоит иҷыдоу аҭагылазаашьаан авариақәа ҟалар алшоит ҳәа атрансформатрқәа рҟны, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәар ауеит ҳәа. Аметеорологцәа ишазыԥхьагәарҭо ала ахаша инаркны ареспубликаҿ асы леир ауеит.
"Уажәтәи аамҭазы џьаргьы машәырк ыҟам, аха аметеорологцәа ирҳәо ҳазхәыцны аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Ишыжәдыруа еиԥш аенергиатә структтура акыр иажәуп. Амш ацәгьара уи аԥхасҭа анаҭар алшоит. Ҳара аԥсшьара иҟаз ҳусзуҩцәагьы аусурахь иҭыҵырц аҳәара ҟаҳҵеит. Уахи-ҽни инеиԥшьны иҷаԥшьоит", — иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Габелиа.
Аԥсны амш абааԥсхара иацуп афымцамч арцәареи аӡы аҟамзаареи. Ажьырныҳәа анҵәамҭаз илеиз асы акәзар акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр аџьабаа днарбеит.