Аԥҳазоу: Дырмит Гәлиа ипремиа – иҭакԥхықәроуп иагьынасыԥуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәеинраалақәа реизга "Зымцахә еиқәу" азы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аиҭеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

– Ишԥашәыдшәкыла шәара ас еиԥш иҟоу аҳамҭа ду ахьшәанаршьаз?

– Аԥсуа доуҳатә культураҿы ихҭыс бзианы иҟалеит алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рганахь ала аҵыхәтәантәи хы-шықәса раахыс зҽалызкааз арҿиаҩцәа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьара. 1967 шықәса рзыҳәан раԥхьаӡа акәны Баграт Шьынқәбеи Иван Папасқьыри иранашьан ари апремиа. Убри аахыс апремиа ес-хышықәса иранаршьоит. Хаҭала сара сзы иҭакԥхықәра дууп иагьынасыԥуп аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳамҭа аиура. 

Дырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Дырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа

– Шәара аԥсуа литература амаҵ азыжәуеижьҭеи акыр ҵуеит, иҭшәыжьхьоу шәажәеинраалақәа, асахьаркыратә очеркқәа еизызго ашәҟәқәа маҷӡам. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа зшәанашьаз аизга "Зымцахә еиқәу" иагәылоу аҩымҭақәа раԥҵара шаҟа аамҭа шәадхалазеи, насгьы, ҵакыла темала ишԥеиқәыршәоу?

– Ҳәара аҭахума, иарбанзаалак ажәеинраалақәа реизга тематикала еиднакыло аҩымҭақәа еиуеиԥшым. Ари аҭыжьымҭагьы, ахатә ҷыдара амоуп, иаҳҳәап раԥхьаӡатәи сышәҟәқәа еиҳа аромантика рыҵоуп. "Зымцахә еиқәу" аизгаҿы иҟоуп акымкәа, ҩбамкәа атемақәа, ирхадоу акәны иҟоуп аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл, рҭоурых, ржәытә-рҿатә. Аԥсуа изы ажәытәангьы иахьагьы акырӡа аҵанакуеит аџьынџь, "Зымцахә еиқәу" ҳәа аизга хьӡыс изамоугьы убри ауп. Хықәкыс исыман ажәеинраалақәа реизга аҟны аԥсадгьыли, аԥсуареи, аџьынџьи, ахатәы бызшәеи раарԥшра. Ҳара ҳхатә ҳәынҭқарра ргыланы ҳамҩа ҳананыла абарҭ атемақәа акырӡа рыҵаркуашәа сгәы иабоит.

– Излаздыруа ала, аҳамҭа зшәанашьоу ашәҟәы иагәылоуп ажәеинраала ахатәы бызшәа иазку, ишәгәалашәозар цәаҳәақәак шәҳазрыԥхьар ҳҭахын.

– Ахатәы бызшәа иазку ажәеинраалақәа акымкәа ҩбамкәа иҟоуп, аха убарҭ рахьтә еиҳа актуалра злоу ҳәа иуԥхьаӡаша "Аԥсышәала шәцәажәала" захьӡу ажәеинраала сышәзаԥхьоит:

Сшәабжьаӡом шәныҟәала ҳәа сажәала,

Ҳҵеи лаша агәеилгара згым.

Шәцәажәала, аԥсышәала шәцәажәала,

Аԥсшәа ҭымҵәауа шәгәы.

 

Сшәабжьаӡом шәныҟәала ҳәа сажәала,

Ӷәӷәала шәахьымхәырц зны.

Шәцәажәала, аԥсышәала шәцәажәала,

Шәцәажәонаҵ иҟоуп Аԥсны.

– Шәзыԥхьаз ацәаҳәақәа даара ииашоуп, ус иҟазар ауп, ҳхатәы бызшәа аныҟамла, ҳаззагәдуу ҳаԥсадгьылгьы акырӡа иԥсыҽхар ауеит. Раԥхьаӡа аҩра шәаналагоз шәцәаҳәақәа зызкызи?

– Џьара сгәалашәарак аҿгьы исҳәоит ахәыҷрашықәсқәа раан, ажәеинраалақәа рҩра ашҟа сшалагаз. Уи акы ицәырнагар ауп, акы иадҳәалоуп, аха сара сзы, аиҵбыратә аклассқәа рҟны иҳамаз арҵаҩы илыбзоураны алитература агәыбылра скит. Аха усҟан ажәеинраалақәа зҩуеит ҳәа гәҭакыс исымаӡамызт, аха сышнеиуаз, цәаҳәақәак зҩыртә амч сызҭаз Иуа Коӷониа иажәеинраалақәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0