АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспублика аџьатә Кодекс ҿыц ҵаҵӷәны иамоуп жәларбжьаратәи азин анормақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи ҳәа азгәеиҭеит ашәахьа, жәабран 20 рзы Аԥсны аџьеи, аусураҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
"2017 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны амчра аиуит акраамҭа ҳаззыԥшыз аџьатә Кодекс ҿыц. Уаанӡа ахархәара аҳҭон 1994 шықәса рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аџьаус азы азакәанқәа реизга» ҳәа зыхьыӡҵахаз аџьазы асовет аамҭақәа раан ирыдкылаз азакәан", — иҳәеит иара.
Ирыдкылоу Акодекс иахьатәи аамҭа иақәшәо аус адулоуп.
"Аџьатә Кодекс иахьатәи аамҭа иақәшәо, аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа ирықәшәо иҟоуп. Иара ҵакны иамоу аусураҭаҩи аусурҭа зырҭоуи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалароуп, дасу рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи инарҭбааны рышьақәыргылароуп", — иҳәеит Аџьба.
Аҳәынҭқарра аус зуа ауаҩы изинқәа ахьчалароуп.
"Аџьатә Кодекс ҿыц инеибанеиԥшны аус зуа рзинқәа ирыдгылоит. Иара иныҭкааны аус аурц азы ԥхьаҟагьы иахәҭоуп азакәанқәа аус дзыруша актқәа реиҿкаара, аус рыдулара", ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аџьатә Кодекс аусура аларгаразы" Азакәан рыдкылан Жәлар Реизара – Апарламент аҟны 2016 шықәса, цәыббрамзазы.