Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷыԥҳа: "Аԥсныи Европеи реизааигәахара" захьӡыз астол гьежь қәҿиарала имҩаԥысит

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookГерманиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа
Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа Sputnik Аԥсны арадио аҟны илҳәеит қәҿиарала ишымҩаԥысыз Бундестаг ақалақь аҿы "Аԥсныи Европеи реизааигәахара" захьӡыз астол гьежь.

Хьыбла Амҷыԥҳа лажәақәа рыла, Бундестаг ақалақь аҿы "Аԥсныи Европеи реизааигәахара" захьӡыз астол гьежь қәҿиарала имҩаԥысит.

"Имҩаԥаагахьоу аиԥыларақәа излареиԥшымыз уи ауп, раԥхьаӡа акәны аофициалтә стурктурақәа рхаҭарнакцәа алахәын. Ҳалацәажәеит Аԥсны Жәларбжьаратәи аизолиациа ҿагыларас иамоузеи ҳәа азҵаара. Ҳалацәажәеит агуманитартә сфера, ицәыраагеит аполитика иадҳәаланы ахәаԥшра шиашам агуманитартә ҭагылазаашьа. Избан акәзар, Аԥсны иқәынхо ажәлар аполитикатә статус иадҳәаланы ауадаҩрақәа ирҭагылазаарц ауӡом шьтарнахыс. Убри азҵаара ҵарны иқәҳаргылеит", — лҳәеит Хьыбла Амҷԥҳа.

Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа астол гьежь шымҩаԥысыз атәы дазааҭгылеит

Аиԥылара иалахәыз дара ишырбо ала иалацәажәеит, иаадырԥшит дара рызнеишьа Аԥсны ажәлар Европатәи ахәыцшьа азнеишьа шрымоу, даҽакалагьы арыхәаԥшра шыҟамло, ҳәа азгәалҭеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0