Амҷыԥҳа: Германиа Аԥсны аӡыргаразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥаагоит

© Sputnik / Савельев Виталий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБундестаг ақалақь
Бундестаг ақалақь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа Sputnik Аԥсны арадио аҟны илҳәеит қәҿиарала ишымҩаԥысыз Бундестаг ақалақь аҿы "Аԥсныи Европеи реизааигәахара" захьӡыз астол гьежь.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Германиа Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥаагоит, абри атәы лҳәеит Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа.

"Ҳара имҩаԥаагахьеит еиуеиԥшым Аԥсны иазку астол гьежьқәа, аконференциа дуқәа, ацәыргақәҵақәа. Зегь реиҳа идуу қәҿиараны исыԥхьаӡоит Европатәи Апарламент аҟны имҩаԥаагахьоу "Аԥсны амш". Уи ашьҭахь Германиа ақалақьқәа жәпакы рҿы имҩаԥаагахьеит Аԥсны аҭоурыхи, аекономикеи, адиаспореи ирызкны аиԥыларақәа. "Аԥсныи Европеи реизааигәахара" ҳәа захьӡыз астол гьежь, имҩаԥаагахьоу аиԥыларақәа излареиԥшымыз уи ауп, раԥхьаӡа акәны аофициалтә стурктурақәа рхаҭарнакцәа алахәын", — ҳәа лҳәеит Амҷыԥҳа.

Хьыбла Амҷыԥҳа лажәақәа рыла, астол гьежь аҟны иалацәажәеит азҵаарақәа жәпакы.

"Ҳалацәажәеит Аԥсны Жәларбжьаратәи аизолиациа ҿагыларас иамоузеи ҳәа азҵаара. Ҳрылацәажәеит егьырҭ апроблемақәа, авизатә проблемақәа, аҵаратә проектқәа, амедицианатә цхыраара аиура. Ҳалацәажәеит агуманитартә сфера, ицәыраагеит аполитика иадҳәаланы ахәаԥшра шиашам агуманитартә цхыраарақәа. Избан акәзар, ажәлар Аԥсны иқәынхо аполитикатә статус иадҳәаланы ауадаҩрақәа ирҭагылазаарц ауӡом шьтарнахыс. Убри азҵаара ҵарны иқәҳаргылеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Германиа иҟоу аԥсуаа рхаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Аԥсныи Европеи реизааигәахара" ҳәа темас измаз астол гьежь иалахәын Бундестаг адепутат Кристаиан Ҳазе, иара убас Германиа ақыҭанхамҩеи аенергетикеи аминистр, уи адагьы аполитологцәа, аекспертцәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0