Гоов: амедикцәа асертификациатә курсқәа ирхысуеит

© Sputnik / Юрий Стрелец / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳақьымцәа рзы асертификациатә курсқәа мҩаԥысраны иҟоуп
Аҳақьымцәа рзы асертификациатә курсқәа мҩаԥысраны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьымцәа рзы асертификациатә курсқәа мҩаԥысраны иҟоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны аус зуа аҳақьымцәа апрофессионалтә еизҳареи аинновациақәеи рзы Урыстәылатәи амедицинатә Академиа асертификациатә курсқәа ирхысраны иҟоуп, иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов.

"Аԥхьа акурсқәа мҩаԥгахоит ахирургиа, атерапиа, апедиатриа, агинекологиа ззаанаҭу рзы. Акурсқәа мҩаԥгахар алшоит латәаралеи латәарадалеи. Ари аус атәыла Ахада инапынҵалоуп ишымҩаԥааго", — иҳәеит Гоов.

Апрофессионалтә еизҳареи аинновациақәеи рзы Урыстәылатәи амедицинатә Академиа аректор ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сычев иазгәеиҭеит асертификациатә курсқәа ҩ-етапкны ишымҩаԥгахо.

"Ҳара ҳарҵаҩцәа аԥышәа ду рымоуп аҳақьымцәа рҟазара аизырҳара аусхк аҟны. Дара арахь иаалоит. Аԥхьатәи аетап аан латәарада аҵара мҩаԥгахоит, аҩбатәи аан – латәарала. Акурсқәа хыркәшахоит хымԥадатәи аттестациаҟаҵарала. Алкаақәа ареспублика Агәабзиарахьчара аминистррахь инашьҭхоит", — иҳәеит иара.

Асертификациатә курсқәа мҩаԥгахоит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0