Аруаа аҟәатәи ашколхәыҷқәа "Ахаҵара аурок" рзымҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАруаа аҟәатәи ашколхәыҷқәа "Ахаҵара аурок" рзымҩаԥыргеит
Аруаа аҟәатәи ашколхәыҷқәа Ахаҵара аурок рзымҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны аруаа аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа аԥсуа ар рхы иадырхәо ахысратә абџьар аҿырԥштәқәа ддырдырит.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи рмаҵзурауаа аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны имҩаԥыргеит "Ахаҵара аурок". Уаҟа ашколхәыҷқәа идырбан ҳаамҭазтәи ахысгатә абџьар, идырбан напышьашәалатәи аиқәԥашьа.

"Аԥсадгьыл ахьчаҩ имшныҳәа аламҭалаз Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи рмаҵзурауаа Аҟәеи егьырҭ Аԥсны ақалақьқәеи рышколқәа рҟны имҩаԥаагеит арра-патриоттә урокқәа. Аурокқәа рҟны ҳара аҵаҩцәа ирзеиҭаҳҳәон Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҭоурых, аусбарҭа ахықәкқәа ртәы, идҳарбеит аҳәаахьчара иазку, атәы зҳәо ашәҟәқәа, афильмқәа, имҩаԥаагеи афотоцәыргақәҵа", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа ааӡаратә усуразы аиҳабы Мухлис Атабаев.

Аҟәатәи азеиԥшкомандатә ҵараиурҭа акурсантцәа ашколхәыҷқәа иддырбеит ҳаамҭазтәи ахысгатә абџьар, идырбан напышьашәалатәи аиқәԥашьа.

"Ахәыҷқәа идҳарбеит ахысгатә бџьар, ирзеиҭаҳҳәеит уи шхысуа, рхы ишадырхәо. Иара убасгьы идҳарбеит Калашников иавтомат, апулимиот, Драгунов иснаипертә винтовка. Агәра згоит ахәыҷқәа ирбаз, ираҳаз ргәаԥхеит ҳәа", — иҳәеит акурсант Роман Лагәлаа.

Ашкол адиректор Рита Бениаԥҳа иазгәалҭоит аҵара-ааӡаратә процесс аҟны арра-потриоттә ааӡара еснагь аҵак ду аманы ишыҟаз.

"Ҳара лассы-лассы ҳҵаҩцәа арратә хәҭақәа рахь инаагоит. Аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь аныҟәарақәа мҩаԥаагоит. Ахәыҷқәа уи афырхаҵара ргәаҿы иарҿыхоит", — лҳәеит Бениаԥҳа.

Адиректор лажәақәа рыла арра-патриоттә урок "Ахаҵара аурок", аихшьаалараан аҵаҩцәа ирыдгалоуп ирбаз, ираҳаз атәы зҳәо ажәеиҭаҳәа аҩра.

Ажәабжьқәа зегьы
0