Даур Ақаҩба: Чуркин иԥсра адунеитә дипломатиа зегьы азы цәыӡ дууп

© AFP 2023 / KENA BETANCUR Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара ҿахҵәеит ашәахьа, жәабран 20 рзы
Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара ҿахҵәеит ашәахьа, жәабран 20 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара ҿахҵәеит ашәахьа, жәабран 20 рзы, Ниу-Иорк ақалақь аҟны.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсра адунеитә дипломатиа зегьы азы ицәыӡ дууп ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Апарламент адепутат Сергеи Шамба. - Sputnik Аҧсны
Сергеи Шамба: Витали Чуркин Аԥсны аинтересқәа ихьчон

"Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит Витали Чуркин иԥсҭазаара иалҵра. Витали Чуркин иналукааша дипломатын, иарбанызаалак аҭагылазаашьа иашаны ахәшьара аҭара илшон, ауаа реилкаара илшон. Уи ҷыда ҟазшьаны иман. Чуркин иԥсра иара дыздыруаз, аус ицызуаз зегьы рзы иааха ӷәӷәахеит", — иҳәеит аминистр.

Иара игәалаиршәеит Витали Чуркин ООН атрибуна аҟынтәи адунеитә уаажәларратә еилазаара зегьы ишрызнеигоз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи риаша.

"Витали Чуркин ҳаамҭа актуалтә проблемақәа дрыхцәажәо еснагь аиаша аарԥшра акәын хықәкны иҟаиҵоз. Ҳара гәалсра дула ҳрыдашшылоит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив, Витали Иван-иԥа иуацәа, иҭынхацәа, иҭаацәа", — иҳәеит Даур Ақаҩба.

Витали Чуркин иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟни ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҟни Урыстәыла Ахаҭарнакс дыҟан 2006 шықәса мшаԥымза 8 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0