Сергеи Шамба: Витали Чуркин Аԥсны аинтересқәа ихьчон

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Апарламент адепутат Сергеи Шамба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Апарламент адепутат Сергеи Шамба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара ҿахҵәеит ашәахьа, жәабран 20 рзы, Ниу-Иорк ақалақь аҟны.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҟны Аԥсны аинтересқәа ихьчон ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Апарламент адепутат Сергеи Шамба.

"Витали Чуркин иԥсҭазаара далҵит ҳәа исаҳаз аԥсӡы даара сгәы снархьит. Даара аҩыза бзиа даҳцәыӡит. 2008 шықәса нанҳәа 8 рзы, Цхинвалтәи ахҭысқәа раан Витали Чуркин иныҭкааны аиаша иҳәон. Хаҭала сара, ООН атрибунаҟынтәи Аԥсны апозициа ауаа идсырҳарц азы исырҭоз аԥынгылақәа, ҷыдала Ниу-Иоркҟа авиза ансырымҭа дықәгыланы аҿагыларатә ҳәамҭа ҟаиҵеит", — иҳәеит иара.

Иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟны Урыстәыла Ахаҭарнакс иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара далҵит жәабран 20 рзы. Абри инадҳәаланы Сергеи Шамба гәалсра дула дрыдашшылеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Витали Чуркин иааиԥмырҟьаӡакәа ООН аҟни ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҟни Урыстәыла Ахаҭарнакс дыҟан 2006 шықәса мшаԥымза 8 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0