Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа аԥсуа жәлар аиқәырхаразы зегьы инапы рылакын

© из личного архива Светланы КорсаяДырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ашәҟәыҩҩы иаԥҵамҭақәа аԥсуа литературеи акультуреи рҿы иааныркыло аҭыԥ даара акыр шаҵанакуа.

Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа “Анбан“ аиқәыршәаҩ, рапҳьатәи аетнограф, рапхьатәи аԥсуа газеҭ “Аԥсны“ аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа имш иира азгәарҭоит иахьа, жәабран 21 аҽны.

Светлана Корсаиаԥҳа дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны имш иира шазгәарҭо атәы

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса имш иира аҽны, ихатәроу ашәҟәыҩҩцәеи, аҿарацәеи, аԥсуа интеллигенциеи, иара дрылагылоушәа иазгәарҭоит, имҩаԥыргоит алитературатә хәылԥазы. 

Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара даналҵ анаҩсан иҟаз атрадициақәа ирыцҵо иахьагьы иааргоит. 

"Дырмит Гәлиа иеиԥшу маҷуп, иҟаиҵаз даара ирацәоуп, аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа “Анбан“ аиқәыршәаҩ, рапҳьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ “Аԥсны“ аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа даниз амш, аԥсуа жәлар ҳзыҳәан ныҳәа мшуп, акультурахь ацивилизациахь ҳназгаз, ихьыӡ акамыршәра ҳашьҭазар ауп", — ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0