АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны иахьанаҵанакуа иарбанызаалак радиоактивтә материалк, мамзаргьы цәынхак ыҟаны иҟам, иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аҟәатәи афизико-техникатә институт адиректор хада Анатоли Марколиа.
СФТИ адиректор хада иажәақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа арадиоактивтә материалқәа рыҟамзаара шьақәдырӷәӷәоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ражәахәқәа.
"Быжьбаҟа шықәса раԥхьа МАГАТЕ (атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура) аинспекторцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргон. Усҟан арадиоактивтә материалқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟам ҳәа азырҳәеит. Усҟан иҟамзар, уинахысгьы ҟалашьа аиуамызт. Иахьазы иҟаҵоу аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иамоу сыздыруам, аха усеиԥш иҟоу аматериалқәа Аԥсны ҟалашьа рымам", — иҳәеит Марколиа.
Анатоли Марколиа ари аҩыза аҳәамҭа ԥаршеимцуп, апровокациа иазырхоуп ҳәа азиҳәеит.