АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik, Владимир Бегунов. Бунин ихьӡ зху Ориолтәи аобласттә наукатә библиотекаҿ иаатит Ирина Крахмалиова лфотоцәыргақәҵа "Аԥсны иазку алакә шкәакәақәа". Аԥснытәи аӡынра асахьақәа ҭыхын ҵыԥх аӡынразы Очамчыра лҳәеит афотоцәыргақәҵа автор Ирина Крахмалева.
Лара лажәақәа рыла 2016 шықәсазтәи ашықәсҿыцтә ныҳәақәа раан лҩызцәа рахь Аԥсныҟа сасра ҳәа дааит.
"Сара раԥхьаӡа акәны избеит аӡынтәи амшын. Аԥсныҟа саахьан уаанӡагьы, аха усҟан ԥхынран. Зегь аҽакалаӡа иҟан. Сгәалашәараҿы инхеит", — лҳәеит лара.
Ирина Крахмалева лажәақәа рыла Бунин ихьӡ зху абиблиотекаҟны лассы-лассы имҩаԥыргоит афотографиа абзиабаҩцәа рцәыргақәҵақәа.
"Шықәсык аԥхьа Нидерланды сыҟазаара иазкны аекспозициа еиҿыскааит, уажәы исыӡбеит ҳақалақьуаа аӡынтәи Аԥсны ассирра дсырбарц. Ориол ауааԥсыра Аԥсны инеихьазаргьы аиҳарак аԥхын акәхоит ианнеиуа. Сара идсырбарц исҭаху Аԥсны шамахамзар аӡәгьы издырӡом", — лҳәоит Крахмалева.
Ирина Крахмалева Sputnik Апсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
Ацәыргақәҵа "Аԥсны иазку алакә шкәакәақәа", мҩаԥысуеит хәажәкыра 30 рзынӡа.