АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны иҟоу амонументалтә ҟазаразы акомиссиа ахаша, жәабран 22 рзы 15 усумҭа ирыхәаԥшит. Акомисcиа аихшьаалақәа рызнауит апоет Иуа Кәаӷәаниеи ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Ӡиӡариеи рбаҟақәа рзы иаартыз аконкурс.
"Иахьа ицәырган еицырдыруа аскульптор Геннади Лакоба агипс иалихыз Гьаргь Ӡиӡариа ибаҟа аескиз. Коӷониа ибаҟа аганахь ала аконкурс ахь инаган аусумҭақәа ҩба, Иуанбеи Адлеибеи русумҭақәа. Арҭ аусумҭақәа иахәҭаны иҟаз абжьы рмоуит, убри инадҳәаланы аконкурс аҽазныкгьы имҩаԥгахоит. Арҭ аҩ-усумҭак рыдагьы ицәыргахар алшоит иҟалар ауа егьырҭ аусумҭақәагьы", — лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аӡбрала Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иқәыргылахоит Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари рбиустқәа.
"Атәыла анапхгара ахарџьқәа рхахьы иргоит. Иҳалҳаршап абиустқәа 2017 шықәса нанҳәамза 14 рзы рықәыргылара", ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц.
Аҳәынҭқарратә комиссиа иара убасгьы ибзиоуп азырҳәеит 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы иҭахаз рбаҟа ақәыргылара. Иара убасгьы иӡбын Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа ибаҟа ықәдыргыларц.