АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент алахәылацәа Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз ареферендум иалахәын. Ареферендум азкын ареспублика ахьӡ аиҭакра. Ареферендум адемократиатә ҟазшьа аманы имҩаԥган лҳәеит аԥшьаша, жәабран 23 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны аԥсуа делегациа алахәыла, Жәлар Реизара адепутат Емма Гамсаниаԥҳа.
Ашьха Ҟарабахтәи ареспублика Аконституциа иазыԥхьагәанаҭоит апарламент-президенттә система аҟынтәи апрезиденттә системахь аиасра, ареспублика ахьӡгьы ажәытәтәи ахьӡ – Ареспублика Арцах ахь аиҭакра.
"Ҳәарада ҳара напынҵаны иҳамаз ареферендум амҩаԥысшьа ахылаԥшра акәын. Ареферендум рҽаладырхәит 77% ареспублика ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи 85% аԥсахрақәа ирыдгылеит", — лҳәеит лара.
"Ҳзыҿцәажәоз зегьы ирҳәоз аҭынчреи аҭышәынтәалареи шырҭаху акәын", ҳәа азгәалҭеит адепутат.
Аԥснытәи аделегациа идикылеит ареспублика апрезидент, амилаҭтә еизара аиҳабы, адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Арцах имҩаԥысуаз ареферендум иашьклаԥшуан шәҩык инареиҳаны адунеи атәылақәа рхаҭарнакцәа. Иҟан Европарламент аҟынтәигьы анаԥшыҩцәа.