АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Қырҭтәыла Апрезидент Георги Маргвелашвили аҩашаҽны аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла азинхьчаратә органқәа 25-нтә Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи арадиоактивтә материалқәа рыҭира аԥдырҟәҟәааит ҳәа. Абри мыц-ԥаршеиуп ҳәа иаҿаԥҽуа иқәгылеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аусбарҭа иазгәанаҭеит азҵаара лассы иҟалараны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ицәырыргарц гәҭакны ишыҟоу.
"Қырҭтәыла Апрезидент Георги Маргвелашвили аҩашаҽны Қырҭтәыла азинхьчаратә органқәа 25-нтә Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи арадиоактивтә материалқәа рыҭира аԥдырҟәҟәааит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа ҭакда иаҳзааныжьуам. Уи хымԥада еиқәырҽаҽаны иҟоу амц шакәу аахтны аҳәара ҳагәҭакуп, ахәшьарагьы аҳҭоит", ҳәа арбоуп аусбарҭа аофициалтә шәҟәы аҟны.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит аҳәаа иахьаԥну иҟалар зылшо аҭагылазаашьақәа зегьы иахьрылацәажәалар акәу Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) рҿоуп ҳәа.
Шықәсқәак раԥхьа МАГАТЕ (атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура) аинспекторцәа Аԥсны агәаҭарақәа мҩаԥыргон. Усҟан арадиоактивтә материалқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟам ҳәа азырҳәеит. Усҟан иҟамзар, уинахысгьы ҟалашьа аиуамызт. Усеиԥш иҟоу аматериалқәа Аԥсны ҟалашьа рымам ҳәа арбоуп аусбарҭа ахҳәааҟны.