АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба азы Жәларбжьаратәи Ахраҿа атурнир "Moscow Open 2017" алахәылацәа идикылеит.
"Аԥсны ашахмат аҿиара ахатә ҭоурых амоуп. 2014 шықәса рзы имҩаԥган раԥхьатәи атурнир. Уажәы есышықәса имҩаԥаагоит. Шәара Москваҟа атурнир аҽалархәразы шәцара иунарбоит ареспубликаҿ аспорт аҿиара шамоу, аԥеиԥш шамоу. Уаргәырӷьоит Урыстәылатәи ашахмат школ абри аспортхкы иахьазхьаԥшуа. Ашахматқәа ҳхәыҷқәа ринтеллектуалтә еизҳара иацхраауеит", — иҳәеит Ахада.
Ашахматтә фестиваль иалахәын адунеи аҿы еицырдыруа агроссмеистерцәа. Хазы имҩаԥган ахәыҷқәа рзы атурнирқәа. 700-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аиааира агара иазықәԥон. Урҭ рыгәҭа иҟан Аԥснытәи ахәыҷқәагьы.
"Арҭ аицлабрақәа заҵәык рҿоуп ҳара ҳаспортсменцәа Аԥсны абираҟ иаҵагыланы иахьықәгыло. Ҳаспортсменцәа ракәзаргьы узмырԥхашьаша алҵшәақәа аадырԥшит", ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ашахмат азы афедерациа ахантәаҩы Константин Ҭыжәба.
Аспорти абаҩырҵәыреи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба иҳәеит ауадаҩрақәа шыҟоугьы урҭ аҳәынҭқарра ацхыраарала риааира шалшо.
"Исҭахуп азыҟаҵаҩцәеи аҭаацәеи рџьабаазы ҭабуп ҳәа расҳәар. Ҳара ҳганахь ала еснагь ацхыраара ҟалоит. Ҳара иҳамоуп алшара ҳбираҟ егьырҭ аспортхкқәа рҟынгьы раԥхьа игылазарц", — иҳәеит Хәытаба.
Аиԥылар хыркәшо Рауль Ҳаџьымба аспортсменцәа ириҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа, Афедерациа ахантәаҩы – хьыӡҳәалатәи асааҭ.
Афестиваль "Moscow Open-2017" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 26 инаркны жәабран 5 рҟынӡа. Аԥснытәи аспортсменцәа уи рхы алархәра алыршахеит Аспорти абаҩырҵәыреи рзы Аԥсны аҳәынҭеилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилаки рыбзоурала.