Аԥснытәи акатоликцәа рыԥсҭазаараз иазку афильм дырбан Аҟәа

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАԥснытәи акатоликцәа рыԥсҭазаараз иазку афильм дырбан Аҟәа
Аԥснытәи акатоликцәа рыԥсҭазаараз иазку афильм дырбан Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Культурное многообразие – богатство общества" аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларратә телестудиа "Асаркьа" иҭнахит Аԥсны инхо еиуеиԥшым амилаҭқәа рыԥсҭазаара иазку афильмқәа рцикл.

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аа-минуҭк ицоз, Аԥсны акатоликцәа ирызку афильм ҭыхын ателестудиа "Асаркьа" аҟны, ахәаԥшцәа идырбан ахәаша, жәабран 24 рзы, Аҟәа.

"Ҳара ҳсиужетқәа дара дара еиуеиԥшым темалагьы ҵакылагьы. Ҳара амилаҭтә обшьчинақәа ирызку афильмқәа рҭыхра ҳаҿуп, иаҳҭахын аполиакцәа ирызку афильм аҭыхра, аха аусура напа анаҳаркы иаабеит иалкааны аполиакцәа ирызку афильм шҳазҭымхуаз, избанзар ҳзыҿцәажәоз ауаа рҭоурыхшьаҭақәа рцәыӡхьеит. Акатоликцәа ҳәа рхы рыԥхьаӡоит аполиакцәа, аерманцәа, аболгарцәа уҳәа егьырҭгьы. Иҳаӡбеит иааидкыланы акатоликцәа ирзаҳкырц ҳфильм", — лҳәеит Розита Герман.

Афильм аҟны еиҭаҳәоуп Симон Кананит ихьӡ зхк акатоликатә уахәама 1908 шықәса рзы ишыргылаз. Усҟан уахь инеиуаз реиҳараҩык аполиакцәеи аерманцәеи ракәын. Хыԥхьаӡарала х-нызқьҩык рҟынӡа ыҟан. 1921 шықәса зы, Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ауахәама аркын.

1996 шықәса рзы акостел акатоликатә обшьчина ирзырхынҳәын.

Аб Ежи Польшатәуп. Иара ес-мҽыша Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигоит.

Афильм аҭыхра нап аркын 2016 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

"Ԥхынҷкәын 24 — 25 рзы, акатоликцәа рныҳәамш азы акастиол аҟны ҳаҟан. Ҳара ҳапроект хықәкны иамоу ауаажәларра Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа рыԥсҭазаашьа дырдырроуп", — лҳәеит Герман.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхуп афильмқәа ԥшьба. Иааидкыланы иҭырхраны иҟоуп афильмқәа жәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0