"Каданс" жәларбжьаратәи афестиваль "Содружество "АРТЕК"иалахәхоит

Анапаҵаҩра
"Каданс" аԥҵан 2013 шықәса рзы, иахьатәи аилазаарала аус ауеит ҩышықәса раахыс.

АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аестрада-музыкатә театр "Каданс" алахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль "Содружество "АРТЕК". Афнстиваль мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 17 рҟынӡа.

"Ҩымчыбжьа раԥхьа Аԥсны Акультура аминистрраҟынтәи иаҳзаарыцҳаит афестиваль аҽалархәразы азыҳәа ҟаҳҵарц. Аконкурс иалахәхоит жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа, рдипломантцәа. Иҟаҳҵаз азыҳәа аҭк ҳауит. "Каданс" алашара иаҵәа аиуит", — иҳәеит Алик Алавердиан.

Асахьаркыратә напхгаҩы иажәақәа рыла иахәҭаны иҟаз аматериал ианаамҭаз ишьҭын.

"Амузыкатә театр "Каданс" иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны аҩныҵҟа аконцертқәа рымҩаԥгара. Ахыркәшаратә концерт мҩаԥгахоит афилармониаҿ. Ҳара уахь иаагар ҳҭахуп аԥсуа ашәақәа рымацара", — иҳәеит иара.

"Каданс" аԥҵан 2013 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0