ЕгрыГЕС аусура хацнаркит

© Sputnik / Роберт ДжопуаЕгрыГЕС аусура хацнаркит
ЕгрыГЕС аусура хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәафымцамч" жәабран 24 рзы алаҳәара ҟанаҵеит адеривациатә тоннель аҭагылазаашьа агәаҭара амҩаԥысра инадҳәаланы ЕгрыГЕС аусура аамҭала иаанкылахоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. ЕгрыГЕС аусура хацнаркит адеривациатә тоннель аҭагылазаашьа агәаҭара анымҩаԥырга ашьҭахь. Абри азы адырра ҟанаҵеит аҳәынҭеилакы аофициалтә саит аҟны.

"Адеревациатә тоннель аҭагылазаашьа амониторинг аназуха ашьҭахь ЕгрыГЕС аусура хацыркхеит. Иахьатәи аамҭазы ЕгрыГЕС иоунажьуа афымца зегьы Аԥсныҟа иаауеит. Уи ус шакәугьы ареспублика аҭахрақәа азхарҭәаауам", ҳәа аҳәоит аилахәыра аҳәамҭаҟны.

Убри инадҳәаланы хәажәкыра 31 рҟынӡа Урыстәылатәи афедерациа аҟынтәи афымцамч ареспубликахь иаашьҭхалоит.

Аенергетикцәа ишазыԥхьагәарҭахьаз аасҭа иаарласны ГЕС аусура аларгара рылдыршеит, агәаҭарақәа ирццакны ирхысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0